Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ШОҬА САЛАҞАИА ИԤСҬАЗААРА ИАЛҴРА ИНАМАДАНЫ АДЫШШЫЛЫРА ҞАИҴЕИТ

Аҩаша, 09 Абҵара 2021 12:45 986

Аҟәа. Абҵара 9, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа еицырдыруа аԥсуа фольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, акритик, алитератураҭҵааҩ Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

«Гәалсра дула срыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз афилологоиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, адунеи зыхьӡ адыруа аҵарауаа, афольклористцәа ируаӡәкыз аҵарауаҩ ду Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа иуацәеи иҭынхацәеи.

Аԥсуа ҭҵаарадырра дацәыӡит ааԥсара ззымдыруаз, зыҭҵаарадырратә усура ган рацәала еибыҭаз, абаҩхатәра ду злаз аҵарауаҩ ду. Уи иусумҭақәа аҭыԥ чыда ааныркылоит аԥсуа ҭҵаарадырра аҿиараҟны, ицхыраагӡа духоит аԥхьаҟа игыло абиԥарақәа рзы.

Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа аԥсуа жәлар ргәалашәараҟны дынхоит зхы-зыҧсы аԥсуа ҭҵаарадырра, акультура арҿиара иазкыз иналукааша аҵарауаҩ иаҳасабала».

Last modified on Аҩаша, 09 Абҵара 2021 12:49