Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОТЕСТТӘ АКЦИА ИАДГЫЛО АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИАМХРА АЗЫ АДҴА ЫҚӘДЫРГЫЛОИТ.

Ахаша, 03 Абҵара 2021 16:37 160

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ҧыхьатәи адепутат, 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеидкыла  ахаҭарнак Ахра Бжьаниа, Апарламент ҧыхьатәи адепутат, ауаажәларратә еиҿкаара «Аидгылара» ахантәаҩы Кан Кәарҷиа, Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Ныгәзар Кациа, ҧыхьатәи аекономика аминистр, ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны жәлар Реиҿкаара» анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба, Апарламент ҧыхьатәи адепутат, ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа,  иара убас аибашьра аветеран Зураб Кокаиа ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыҧшаҳәа аҟны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа, аибашьра аветеранцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи рыбжьара  иҟалаз аинциденти, иара убас иахьатәи амш азы атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи рзы ргәаанагара рҳәарц азы иахьа Апарламент аилатәара ахь иааит. 

Ахра Бжьаниа иҳәеит: «Амшын аҧшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент азинтә гәаангара аганахьала ахәаҧшреи, ариашареи ахәшьара аҭареи залыршахом, избан акәзар, апроцессуалтә нормақәа зегьы реилагалара, изеиҧшразаалак ахарадҵара ада Аҧсны атәылауаа рганахьала амчра ахархәара мҩаҧысит, урҭ ҧҟаны икажьны ицеит».

Ахра Бжьаниа игәаангарала, амчратә структура ахаҭарнакцәа рхымҩаҧгашьа акала аилыркаареи ариашареи моралла еиҧш аидеологиа аганахьалагьы иҟалаӡом.

«Иҧшьоу Аиааира Амшныҳәа аҽны аибашьра аветеранцәа, аинвалидцәа рыҧҟоит, аплошьад аҿы  икажьны ицоит. Ари  ҟазҵазгьы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа роуп, абарҭ аветеранцәеи иара ҳара зегьи ашәахтәқәа ззаҳшәо аструктурақәа, азакәанҧҵара инақәыршәаны зусура иалкаау аҳәаақәа ирҭагӡоу ауаа. Ас еиҧш иҟоу аҳәаақәа ирҭагӡам  ауснагӡатәқәа зегьы – абандитизм ауп.  Убри аҟнытә амилициа азы азакәани егьырҭ анормативтә актқәагьы ыҟоуп. Аҭагылазашьа еиҳагьы изыруадаҩуа акакәны иҟоуп даҽакгьы, - дара азинхьчаҩцәа рхаҭақәагьы Аиааира Амш азгәарҭон, ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ ахь инеит ақьафурҭа аҟынтәи. Аветеранцәа ари амш аҽны ауаажәларра рзы  изеиҧшразаалак ашәарҭара рхылҿиаауазҭгьы, иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаҧгатәын. Авидеоҭыхымҭа аҿы иубоит иҭацәу аплошьад аҿы ауаа ҭынч доусы  рмашьынақәа рахь ишнеиуа. Иарбан  шәарҭароу нас идырҿиоз урҭ ауаа рзы, уи еилкааӡам?», - ҳәа иҳәеит Ахра Бжьаниа. 

Ахра Бжьаниа аминистр акзарак акгьы ихараӡам, уи аветеранцәа рганахьала амчра ихы аимырхәеит, уи мацара инапы аҵаҟа иҟоу роуп ус зхы мҩаҧызгаз, убри аҟнытә иара иарбоу аинцидент азы аҭакҧхықәра идӡам ҳәа зҳәо ауаа дрықәшаҳаҭӡам.

«Исҳәарц исҭаху, иара зынӡа инапгьы имҟьазҭгьы, баша уаҟа дыҟазҭгьы, уигьы азхон иара иганахьала ӷәӷәала аҽҧынкылара аиуразы. Уимоу, иара ақалақь егьи аҵыхәан аныҳәа азгәеиҭозҭгьы, убри аан иара инапаҵаҟа иҟоу аусзуҩцәа, ахәҭакахьала ихаҭыҧуаҩцәа ас еиҧш ахымҩаҧгашьа аадыршызҭгьы, усҟангьы иара имаҵураҭыҧ аанкылара алзмыршо аҭакҧхықәра идҵахон», - ҳәа иҳәеит Ахра Бжьаниа.

Ахра Бжьаниа игәанагарала, аминистр иҟалаз аинцидент ашьҭахь ихала имаҵураҭыҧ аанижьыр акәын. Ас еиҧш аҭагылазаашьаан уи уаанӡа заҟа еффективла анапхгаҩы иуалҧшьа наигӡоз ахшыҩзышьҭра аҭатәӡам.

«Ҿырҧштәыс иаазгар сылшоит ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟынтәи жәабала аҿырҧштәқәа, даара еффективла аус зуа анапхгаҩцәа знык иадамзаргьы ауаажәларра ринтересқәа ирықәымшәо руснагӡатәқәа рзы ҧхьатәара ианцоз. Уажәы иҟалаз ахҭыс азинхьчаратә система ахҧша акала иашьамшәало ауснагӡатә аҭыҧ аиуит.  Уи арҽеира азы, сара сгәаанагарала, аминистр ҧхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟаиҵар ауп.  Уи ихала уи дзазымхәыцзаргьы, уи ҟазҵаша Аҳәынҭқарра Ахада дҳамоуп.  Ҳара Апарламент ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит иарбоу ахҭысқәа ииашоу ахәшьареи ахҳәааи арҭарц, насгьы иалшоны иҟазар, Аҳәынҭқарра Ахада абжьгарак аҳасабала иҵырҳәарц уи ауаажәларра ринтерес ахьӡала ииашаны хьаҳә-хьачарада аӡбамҭа адкылара шихәҭоу», - ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахра Бжьаниа.

Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аидгылара» ахантәаҩы Кан Кәарҷиа  иахьа «Аидгылара» Иреиҳаӡоу Ахеилак аҳәамҭа ҭыҵуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, иарбоу аҳәамҭа аҿы «Аидгылара» апроцесс ишалҵуа, насгьы уаанӡа иҟарҵаз аҧшьгара мап шацәыркуа атәы аҳәоит             («Аполитикатә амнистиеи аполитикатә кризис алҵразы амҩақәа рыҧшаара азы» АП)).

«Ҳара ари аинциатива ҳаҧхьаҟа еиҳа аҭакҧхықәра змоу амчра ҳрывагыланы инаҳагӡалоит», - ҳәа иҳәеит Кан Кәарҷиа.

Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, ари аконфликт раҧхьатәи амш азы иӡбаны аҭыҧ иқәҵатәын.

«Раҧхьатәи амш инаркны ауаа реиныршәара иашьҭалатәын. Уи  шәареи ҳареи ҳауаажәлар роуп. Ҳҳәынҭқарра Ахада аконфликт аҭышәынтәалара амыцхәрас аҭагылазаашьа ааныжьны Аҧснынтәи Урыстәылаҟа дцоит. Аӡәгьы игәы дамеижьааит, анаунагӡара амаӡа аӡәы иџьыба иҭоуп ҳәа. Амчра лассы аҽаҧсахуеит, иахьа иумбо, уаҵәы илабҿабахар алшоит. Шәааи аиаша еибаҳҳәалап», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Адгәыр Арӡынба.

«Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа напхгара зиҭо аиҿкаара иҟалаз ахҭыс анаҩстәи ахҟьаҧҟьақәа рзы аҭакҧхықәра ахахьы иагаӡом ҳәа иазгәеиҭеит.

Анаҩс Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара атәымуаа алмырхәӡакәа имҩаҧысуан.  Ианеилацәажәа ашьҭахь, адепутатцәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада иахь рдәықәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы напхгара зиҭоз адепутатцәа гәыҧҩык атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәареи апротесттә акциақәа алагаанӡа уи алҵразы амҩақәа рыҧшаареи рзы Апарламент ахь ааҧхьара иҭаразы  Аҳәынҭқарра Ахада иахь ицеит», - ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Валери Агрба. 

Уи иажәақәа рыла, «Апарламент азинхьчаратә усбарҭақәеи аветеранцәеи рыбжьара абжьаҟазара иазхиоуп».

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 17:11