Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖЬҬААРАМЗА 30 РЗЫ АԤСНЫ АПОЛИТИКАТӘ РЕПРЕССИАҚӘА ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРА АМШ АЗГӘАРҬОИТ.

Асабша, 30 Жьҭаара 2021 17:10 395

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Аҭоурыхдырыҩцәа изларҳәо ала, Аԥсны ХХ ашәышықәса  30-тәи - 40 - тәи ашықәсқәа рзы арепрессиақәа зықьҩыла ауаа ирыхькьысит, раԥхьаӡа иргыланы аинтеллигенциеи аполитикатәии аеилита иаҵанакуаз.

Шьыжьы инаркны Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит арепрессиақәа ирықәшәаз рыуацәеи рҭахцәеи, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Асида Шьаҟрыл аполитикатә репрессиақәа  – ари даара атрагедиа дууп, усҟан миллионла ауаа ҿааҳәыра рымамкәа алагерқәа рахь ишьҭын, шәнызықьҩыла иреихсны ишьын ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  Уи ишазгәалҭаз ала, ари амш аҽны формалла ааха зауз ауаа ргәалашәара акәымкәа, усҟантәи аамҭазы иҟалаз арыцҳара ду ҩаԥхьа аҟамларазы ахшыҩзышьҭра аҭареи иахәҭоу алкаақәа рыҟаҵареи роуп хадара злоу.  

«Ҳара лассы-лассы иҳаҳауеит ауаа адемократиатә шьақәгылашьеи уи ахымԥадатәреи рганахьала агәыҩбара аадырԥшуеит ҳәа. Аха адемократиа альтернативас иамоу авторитартәи, мамазаргьы атоталитартәи арежим ауп.  Аҳәынҭқарра аҿы анапхгаратә ҳасабырбареи ахылаԥшреи рмеханизмқәа зегьы аус рыдымулазар, уи аҵыхәтәаны азиндарра, арепрессиақәа, массала ауаа рышьра, уҳәа реиԥш иҟоу ахҟьа-ԥҟьақәа рахь икылнагар алшоит. Ари миллионҩыла ауаа зқәыӡыз анҭыҵтәи аӷа иҿагылара иазку аибашьра акәӡам, ари ишакәхалакгьы амчра зымпыҵазкырц иашьҭоу анапхгара аҳасабала ицәырҵуаз аҳәынҭқарра ауп 30-40 шш. рзы ахатәы жәлар рықәыхра алзыршоз.  Уи аҩыза ҟалартә еиԥш алшара аԥызҵаз амци ашәареи рыла ишьаҭаркыз анапхгараҭара асистема аргылара ауп. Аҳәынҭқарра аҿы ауаа рзинқәа ҳаҭыр рзақәымызт, аиаша аҳәара азы алшара аԥҵамызт, иаартны агәаангара аҳәара ҟаломызт, ауаҩы иҳаҭырқәҵара лаҟәын. Дарбанызаалак ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара ҟалон, ахьӡ аҵамҩыкәа иҟаҵоу ацәгьҳәарала уи алагерь ахь дрышьҭуан, мамзаргьы иеихсны дыршьыргьы алшон», – ҳәа илҳәеит аомбудсмен. Уи ауаатәыҩса аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аҟынтәи ахшыҩрага ду алырхит ҳәа еизаз иргәалалыршәеит.

«Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра ахлымӡаахқәа зегьи афашизм ахыбгалареи раамышьҭахь, ауаҩы ихақәиҭреи ихьыԥшымреи рықәыхра аҽазышәара аԥхьырҟәҟәара азы мҽхакы ҭбаала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара шаҭаху еилкаахеит. Ауаҩы изинқәа рзы адекларациа еиқәыршәаны ирыдыркылеит, ауаҩы изинқәа рыхьчара азы жәларбжьаратәи асистема аԥҵахеит. Асовет аамҭақәа рзы иҟалаз, ҳара ҳзы ԥышәа дууп, уи абзоурала анапхгараҭара асистема аиӷьтәреи, аӡәгьы ихатәы интересқәа рыхьчара ахьӡала амчра ампыҵахалара илымшартә еиԥш аҟаҵареи алыршатәуп. Ҳара ари аҩыза арыцҳара уаҳа иҟамларц азы еиӷьны иаҳдыруазар ахәҭоуп ҳҭоурых», - ҳәа илҳәеит Асида Шьаҟрыл.

Ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа аҿы ҳара даҳԥылеит Ҳамида Иақәыб-оглы ҳәа захьӡыз аҭыԥҳа.  Уи арепрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара азы арахь дымҩахыҵит. Ари атрагедиа лҭаацәагьы  ӷәӷәала ирхьысит. Ҳамида  лаб Қьаазым Иақәыб-оглы усҟан  9 шықәса ракәын ихыҵуаз. 1944 шықәсазы хәҩык рыла ишьақәгылаз рҭаацәа Сибраҟа, Томсктәи аобласт  Седеильниково аҳабла ахь иахыргеит.  «Зегьы х-кьылак иреиҳамкәа амаҭәа, ма афатә агаразы азин рыман. Аԥсра ацәынхара даара иуадаҩын. Мратәыла ииз, иааӡаз ауаа рзы 50 градус рҟынӡа иахьҵаауаз аҭыԥ аҿы ақәынхара акырӡа иуадаҩхеит. Афатә рызхомызт. Сабду афермаҿы аус иуан, арахә лырхылаԥшуан. Саб  10 шықәса абнарҟыра аҿы аус иуан, уи џьара акы иҿарҵарц азы мацара 110-кьыла рҟынӡа инаӡоз ашьақар зҭаз ааҵәақәа ақәихуан», – ҳәа еиҭалҳәеит Ҳамида.

Ауаа рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа акырӡа иуадаҩын, афатә-ажәтә рызхаӡомызт. Ҳамида ланду акартош ацәа иалхны акәакәарҟьаԥсқәа ҟалҵон.  Жәаҳәарада урҭ иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра ӷәӷәа рыман.

«Есымза, азеиԥш еизараҿы аҭаацәа инарыгӡаз аусура азы аҳасабрба ҟарҵар акәын, адҵақәа зегьы рынагӡара залмыршахазар, усҟан урҭ ахьырхәра аҳасабала иназыцҵоу аусурақәа рықәҵахон. Саб аҵара иҵар иҭахын, аха ашколи дара ахьынхози 7 км рыбжьан, уаанӡа уи шьапыла дныҟәон.   Иаб  уи зынӡа дымҵаарц азы амшьамба иалхны аимаақәа изиӡахит», - ҳәа илҳәеит Ҳамида.

Аҭаацәа ахарадҵа рхырхит 1956 шықәса азы, аха уи азы адырра рырымҭаӡеит. Убри аҟнытә урҭ даҽа шықәсык иалагӡаны Сибра иҟан, анаҩс ауп Аԥсныҟа ианыхынҳә.  Аҭыԥҳа лаб есышықәса ари амш аҽны арепрессиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаиҵарц даауан, аха ҩымз раԥхьа иԥсҭазара далҵит. Уажәы Ҳамида уи имыцхәрас лхаҭа абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭалҵарц  арахь дааит.

«Ари амш азы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа аформалтә аҟазшьа аҵаны имҩаԥымслароуп. Сара сгәаанагарала, ауаҩы убас дыҟоуп, ҳара есымша ак ҳазхом – амаҭәа, аҩыҭәа, афатә-ажәтә, агәырӷьара-аччара, уҳәа.  Аха цқьа уаахәыцыр, ауаа ирхыргаз зегьы цқьа ухахьы иааугар ушәаратәы иҟоуп. Арепрессиақәеи аибашьреи амилаҭ иреиӷьыз ахаҭарнакцәа ықәнахит. Сара исгәалашәоит, саб арҭ ахҭысқәа ртәы аиҭаҳәара даналагалак иаразнак ихы-иҿы ааицеикуан. Уи иҿыԥшылара, ибжьы, уи моу иртәашьагьы аҽеиҭанакуан. Сара сиазҵаауан гәазыҳәас иумааз ҳәа.  Уи  сҭаацәа зегьы еибганы аҩныҟа ихынҳәуа, насгьы сызхара ача сфартә еиԥш аҭагылазаашьа соуа сҟалартә еиԥш агәазыҳәара сыман ҳәа аҭак ҟаиҵон. Уи иажәақәа рыла, акызаҵәык игәы зырҿыхуаз амырзаҟан акәын, уи арҳәара иҵеит саб», – ҳәа еиҭалҳәеит Ҳамида.  Рыцҳарас иҟалаз, Қьаазым раԥхьаӡа иргыланы дзызхьаауаз зыҟамлеит. Лыҩныҟа дзыхнымҳәит уи ианду. Уи ихьанҭаз аҭагылазаашьақәа лызхымгаӡакәа дыԥсит.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш жьҭаарамза 30 рзы азгәаҭара машәыршақә иҟамлаӡеит. Ари арыцхә  жьҭаарамза 30, 1974 шықәса рзы мордовтәии пермтәии алагерқәа рҿы иҭакыз Асовет Еидгыла аҿы аполитикатә репрессиақәа ирҿыгыланы имҩаԥыргаз ачгара акциа  агәалашәара иазкны иалхын. Урҭ жьҭаарамза 30 Асовет Еидгыла  аҿы аполитбаандаҩы Имшуп ҳәа ирыладырҵәеит. Убри нахыс Асовет Еидгыла аҿы есышықәса, жьҭаарамза 30 рзы аполитбаандаҩцәа ачгара акциа мҩаԥыргон.  

Официалла ари амш «Аполитикатә репрессиақәа ирықәшәаз рхарадҵа рықәхра азы» азакәан адкылара инамаданы жьҭаарамза 18, 1991 шықәса рзы Урыстәылатәи Асоиузтә Федертивтә Советтә Республика «Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амшны ашьақәыргылара азы» Ақәҵара ала ишьақәырӷәӷәан.

Асоветтә мчра ашықәсқәа раан аполитикатә мотивқәа рыла массала арепрессиақәа ирықәыршәан миллионҩыла ауаа.

Асовет Еидгыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра (уажәы – Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра), актәи аҟәша ҷыда астатистикатә дыррақәа рыла, ажьырныҳәамза  1, 1921 шықәса инаркны ԥхынгәымза 1, 1953 шықәсанӡа аконтреволиуциатәи, егьырҭ даара ишәарҭоу аҳәынҭқарратә цәгьоурақәа  рзы ахара рыдҵан 4 060 306-ҩык, урҭ рахьынтә 799 455 иреиҳаӡоу ахьырхәра иақәыршәан.  Аусшәҟәқәа рыла ишьақәырӷәӷәоу астатистика аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аполитикатә репрессиақәа мҽхакы ҭбаала ианымҩаԥысуаз, атеррор Ду ҳәа еицырдыруа ҩы-шықәса (1937, 1938 шш.),  Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аполитикатә ҟазшьа змоу ахарадҵақәа рыла 1,345 миллион-ҩык ауаа, даҽакала иуҳәозар 1918-1990 шш. аамҭахәҭа иалагӡаны ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи  35% ахьырхәра иақәыршәан.  1918-1990 шш. рыбжьара  иреиҳаӡоу ахьырхәра  иақәыршәан 828 нызықь ҩык, урҭ рахьынтә  682 нызықь ҩык (мамзаргьы 82% инареиҳаны) 1937- 1938 шш. ирыҵанакуеит.

Асовет жәлар аибашьрашьҭахьтәи рыԥсҭазаара иалалеит «ажәлар раӷа» ҳәа аилкаара. Аполитбиуро аӡбамҭа ала ԥхынгәымза 5, 1937 шықәса рзы «ажәлар раӷа» ҳәа ахара здыз рыҳәса  хәы-шықәса иреиҵамкәа алагерьқәа рҿы иҭаркуан.  «Ажәлар раӷацәа» рхәыҷқәа ракәзар, Аҩныҵҟатәи аусқәа жәлар ркомитет (НКВД) алагер-колониақәа рахь идәықәҵахон, мамзаргьы иҷыдоу арежим змоу ахәыҷқәа рыҩнқәа рахь идәықәырҵон.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 02 Абҵара 2021 09:27