Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА МОСКВАҞА ИУСУРАТӘ ҬААРА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ИМҨԤЫСИТ УРЫСТӘЫЛА АТРАНСПОРТТӘ МИНИСТР ВИТАЛИ САВЕЛИЕВИ ИАРЕИ РЕИԤЫЛАРА.

Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 15:22 395

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа Москва иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла атранспорттә министр Витали Савелиеви иареи реиԥылара.

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан Аԥсны аҳаиртәеимадара аиҭашьақәыргылареи атранспорттә инфрастуктура арҿыцреи ашьақәыргылареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаатәқәа. Иара убас иалацәажәеит ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара атранспорттә усхк аҟны аусеицзура азҵаара.

Аиԥылара алҵшәақәа рыла ишьақәырӷәӷәан уаанӡа излацәажәахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла аусмҩаԥгатәқәа разԥхьагәаҭа.

Аиԥылара далахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озган.

 

 

Last modified on Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 21:04