Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АСПОРТ АМИНИСТР ОЛЕГ МАТЫЦИНИ РЕИҦЫЛАРА МҨАҦЫСИТ.

Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 15:15 378

 Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистр Олег Матыцини реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистр Олег Матыцини реиԥылара мҩаԥысит.

Аслан Бжьаниеи Олег Матыцини аспорт аҿиареи аԥышәеимдареи хықәкыс иҟаҵаны, Урыстәылеи Аԥсни аспорт Аминистррақәа русеицзура, иара убас ашколтәи астудентә спорти ирыдҳәалоу ауадаҩрақәеи, иреиҳау аҩаӡарақәа змоу аспорти ирызку азҵаарақәа жәпакы  ирылацәажәеит.

Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы аҳәынҭқарратә музеи аҟны  аныҟәарақәа еиҿкаан.

Аиԥылара далахәын иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанов.

 

 

Last modified on Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 21:03