Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ АНАУКАТӘ ЕИЛАЗААРА АНАУКА АМШНЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 10:32 309

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьанаиа анаука Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра анаукатә еилазаара дрыдныҳәалеит. Адныҳәалара ашәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Азин сышәҭозар, шәзанааҭтә ныҳәа – анаука Амш шәыдысныҳәалар сҭахуп.

Аҵарауаҩны аҟазаара – уи аԥсҭазаара зегьы иалагӡаны иҿыцу аартрақәеи адыррақәеи рыла игәылҭәаау, есыҽнытәи аҽадцалара зҭаху аусура аҽазкра ауп иаанаго. Ҳҵарауаҩ дуқәа рыхьӡқәа хьтәы нбанла ҳҭоурых адаҟьақәа рыдагьы адунеи анаука аҭоурых ианылеит.  

Уамеигәырӷьар залшом, уажәтәи аԥсуа ҵарауаа рабиԥара реиҳабацәа рытрадициақәа реиҷаҳареи рыхьчареи реихаҳареи рылыршаны анаукаҿы ҿыц зымҩа алызхуа рԥышәа ахьрымардо. Анука аҿиарада аҳәынҭқаррагьы аҿиара залыршахом. Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара аринахысгьы анаука аҿиара ахшыҩзышьҭра анаҭалоит, аҵарауаа раԥшьгарақәа иадгылалоит.

Исымоу алшара схы иархәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарауаа зегьы иҿыцу аихьӡара дуқәеи шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡареи шәзеиӷьашьоит!».

Last modified on Ашәахьа, 01 Абҵара 2021 16:53