Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬАҚӘА РАԤҴАРА 100-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА ИԤКУ АФОРМАТ АҾЫ ИМҨАԤГАХОИТ.

Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 17:02 170

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра изаамҭанытәиу аусура иазкын имҩаԥысыз атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби аминистр инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьибеи русуратә еиԥылара.

Атәыла аҿы ишьақәгылаз акриминагентә ҭагылазаашьа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа ауаажәларратә ҭышәынтәалара ашьақәгылара рылахәхареи, акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәареи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи  рҿагылаа иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡареи ирылацәажәеит.

  

Аԥыза-министри аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡои иара убас абҵарамза 2021 шықәсазы иазгәарҭо аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа раԥҵара 100-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рформат иалацәажәеит. Атәыла аҿы ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа реиҵатәра хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит.  

 

 

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 22:35