Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АФЫМЦАМЧ АЗЫ АШӘАТӘҚӘА РАЛХРА АЗЫ АҬАГЫЛАЗААШЬА АКЫР ИУАДАҨУП.

Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 17:29 279

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа атәыла аԥыза-министри Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Гирџьынбеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аенергосистема аҿы ишьақәгылаз аҭаагылазаашьа иазкын.

Ҭенгиз Гирџьинба рхы иадырхәаз афымцалашара азы ашәатәқәа реизгара инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит. Уи 2021 шықәса ажьырныҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа иазԥхьагәаҭаз арбагақәа рҟынтәи 38% инарзынаԥшуа инаӡеит. 2020 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәатәқәа реизгара  35,4% рҟынӡа инаӡеит.

Ҭенгиз Гирџьинба иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа  афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аизҳара 2020 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 19,7% рҟынӡа инаӡеит. (2020 шықәсазы ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аизҳара  2019 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 25% рҟынӡа инаӡоит).

Алеқсандр Анқәаб афымцалашара азы ашәатәқәа реизгара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ахәшьара аиҭеит. Уи «Амшынеиқәафымцамч» анапхгара аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыцырхырааны аҭагылазаашьа аиҭакразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы адҵа риҭеит.  

«Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы аԥыза-министр иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы адырра ииҭеит.  

Асабша, жьҭаарамза 30 рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи звольҳараку ашьаҟа  ЛЭП-110 кВт «Шешелет-1» ашьақәыргылареи рхымԥадатәра инамаданы, Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы, иара убас Аҟәа мрагыларатәи ахәҭа аҿы асааҭ   10 инаркны асааҭ 16 аҟынӡа афымцалашарала аиқәыршәара аанкылахоит.

 

 

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 22:17