Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    
×

Waarskuwing

JFolder: :files: Gidspad is nie 'n vouer nie. Gidspad: [ROOT]/images/5208

×

Nota

There was a problem rendering your image gallery. Please make sure that the folder you are using in the Simple Image Gallery Pro plugin tags exists and contains valid image files. The plugin could not locate the folder: images/5208

АԤСНЫ ҬАГАЛАНТӘИ АԤСШЬАРАМШҚӘА МЧЫБЖЬЫК ИРҬАГӠАХОИТ.

Ашәахьа, 25 Жьҭаара 2021 17:51 227

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа жьҭаарамза 25 инаркны жьҭаарамза 31-нӡа имҩаԥыслоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура. Аԥсшьарамшқәа рыцҵара азы макьаназы ацәажәарақәа ыҟаӡам.

Аԥсшьарамшқәа ирыцҵазар алшон акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара акыр еизҳазҭгьы.

«Асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа ашколқәа рҿы иҭышәынтәалоуп, ирацәаны ачымазара ҿкы злаҽыз ыҟаӡам, убри аҟнытә Аминистрра аҿы макьаназы аԥсшьарамшқәа рыцымҵара азы аӡбарҭа рыдыркылеит. Убри аан ашколқәа рҿы аԥсшьараамҭа аан иацклаԥшны азҩыдатәратә усмҩаԥгатәқәа нагӡатәуп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа.

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 15:24