Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘАТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА РОСТОВ-НА ДОНУ ИМҨАԤЫСУАЗ АКИКБОКСИНГ АЗЫ АИЦЛАБРАҚӘА РҾЫ АԤХЬАХӘТӘ ҬЫԤҚӘА ААНЫРКЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 25 Жьҭаара 2021 15:20 173

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа жьҭаарамза 21 инаркны 25-нӡа Ростов-на Дону  ақалақь аҿы имҩаԥысуаз акикбоксинг азы BJJ LIGA DE LUTA аконфедерациа ачемпионат аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.

Атурнир рхы аладырхәит  Урыстәыла, Украина, Ҭадџьикисҭан рҟынтәи 600-ҩык инареиҳаны  аспортсменцәа.

Аиндаҭларақәа реихшьаалақәа рыла, Баграҭ Багаҭелиа 70 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит. Аспортсмен қәҿиарала х-еиндаҭларак мҩаԥигеит.

Тамерлан Аҭәмаа 60 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит. Уи иааирала ҩ-еиндаҭларак мҩаԥигеит, афинал аҟынӡа днаӡеит, аҩбатәи аҭыԥгьы ааникылеит.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Т. Аҭәмааи А. Кәыҵниеи.     

 

 

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 15:11