Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    
×

Waarskuwing

JFolder: :files: Gidspad is nie 'n vouer nie. Gidspad: [ROOT]/images/5208

×

Nota

There was a problem rendering your image gallery. Please make sure that the folder you are using in the Simple Image Gallery Pro plugin tags exists and contains valid image files. The plugin could not locate the folder: images/5208

АԤСНЫ АБАНК АМУЗЕИ АЗЫ ИРЫҨҨИТ БРИАТАНИАТӘИ АЖУРНАЛ «COIN NEWS MAGAZINE» АҾЫ.

Ашәахьа, 25 Жьҭаара 2021 17:34 197

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк Амузеи адунеизегьтәи анумизматикатә еилазаара аҿы игәамҭакәа изаанымхеит. Британиатәи еицырдыруа анумизматикатә журнал ду «Coin News Magazine» ианылеит иарбоу ахҭыс иазку астатиа.  Астатиа аҿы 2500 шықәса ирылагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа зеикәшара мҩаԥысуаз еиуеиԥшым аԥаратә дыргақәа  рекспонентцәыргақәҵара, рыҭҵаара, рыҵәахра, реизгара азы амузеи ахыдҵақәа ртәы  инарҭбааны ианылеит. Астатиа амузеи асахьа зну афотосахьақәа ацын.

Уимоу, ажурнал аредакциа «A day at the museum» («Мышкы амузеи аҿы») ҳәа хыс измоу анҵамҭа ҭнажьит.  Иарбоу анҵамҭа аҿы амузеи аусура атәы адагьы Аԥсны аҭоурых азы аҭоурыхтә дырранҵа адгалара мҩаԥгоуп, уи  ишаҳәо ала, Аԥсны Қырҭтәыла аҟынтәи ахьыԥшымра шаиуз азы алаҳәара ҟанаҵеит 1999 шықәсазы.  Аредактор Аԥсны ижәытәӡоу аҭоурых ҷыдала дазааҭгылоит, Аԥсни Византиатәии Османтәии аимпериақәеи ирыбжьаз аимадареи уи Аԥсны аԥараҿырпытә система ишаныԥшызи дахцәажәеит.

Ажурнал аредакциа аԥхьаҩцәа Аԥсны аҭаара азы  абжьгарақәа рынаҭоит. Уажәы уи апандемиа иахҟьаны иалагалоу аԥкрақәа инарымаданы имариамзаргьы, урҭ Аԥсны Абанк асаит аҿы онлаин екскурсиақәа рылагалара азы абжьгарақәа ҟарҵоит.

«Coin News Magazine» заҳаҭыр ҳараку британиатәи аҭыжьырҭа «Token Publishing» ахь иаҵанакуеит. Уи ҭыҵуеит  1983  шықәса инаркны. Ажурнал есымзатәи атираж 8000 екземплиар аҟынӡа инаӡоит.

https://nb-ra.org/muzej-banka-abxazii-v-britanskom-zhurnale-«coin-news-magazine».html   {gallery}5208{/gallery}

 

 

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 15:58