Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖЬҬААРАМЗА 2000 ШЫҚӘСА РААХЫС ЗЫԤШААРА МҨАԤЫСУАЗ БЕСЛАН ҚӘҬАРБА ДААНКЫЛОУП.

Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 11:43 192

ЖЬҬААРАМЗА 2000 ШЫҚӘСА РААХЫС ЗЫԤШААРА МҨАԤЫСУАЗ БЕСЛАН ҚӘҬАРБА ДААНКЫЛОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭарамза 21, 2021 шықәса рзы Гәылрыԥшь араион апрокуратура нанҳәамза  4, 2000 шықәса рзы Буава Д.М. иԥаареи автомашьына аӷьычреи, амилициа аусзуҩ иԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылареи изакәанымкәа иҭҟьо абџьар аҵәахреи аныҟәгареи иадҳәалоу афакт ала 1971 шықәса рзы ииз  Кәҭарба Беслан Валикәа-иԥа иганахьала ихацыркыз ашьаусеилыргара ала заанаҵтәи аусеилыргара ҩаԥхьа иалагеит. Абри азы адырра анылт Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.    

Жьҭаарамза 25, 2000 шықәса рзы иарбоу ашьаусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны Кәҭарба Б.В. иԥшаара хацыркын, уи латәарада  ахьырхәрас изалхын аҭакра.

Кәҭарба Б.В. иганахьала иарбоу ашьаусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 25,  2001 шықәсазы Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла (1993 шықәсазы иҟаҵаз аредакциа ала) ахәҭаҷ  133, ахәҭа 2, апунктқәа 1 -2, ахәҭаҷ  243 ахәҭа 2, ахәҭаҷ  209 ахәҭа 3, ахәҭаҷ 238 ахәҭақәа 1 – 2 инарықәыршәаны  ахара зду иаҳасабала ахьырхәра иақәыршәаразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Жьҭаарамза 17, 2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцәеи ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны  дааныркылеит Беслан Кәҭарба.

Уажәы Гәылрыԥшь арион апрокуратура иарбоу ашьаус ала ихымԥадатәиу ашьаусмҩаԥгаратә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит. Беслан Кәҭарба аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.  

 

 

Last modified on Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 18:12