Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘДОУҬА АРАИОН АПРОКУРАТУРА АРӠЫНБА А.Б. ИШЬРА АФАКТ АЛА АШЬАУСЕИЛЫРГАРА ХАЦНАРКИТ.

Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 18:07 202

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Апрокуратура Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа         1, ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 инарықәыршәаны Ԥачалиа Р.Т. иарбоу ашьаус егьырҭ афигуранцәеи рганахьала аусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофициалтә саит. 

 

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа аверсиа ала, жьҭаарамза 20, 2021 шықәса рзы  23 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа Ԥачалиа Ренат Ҭемыр-иԥа, ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа рҿы изакәанымкәа иаахәаны имаз иҭҟьо абџьар – Калашников асистема иаҵанакуа автомати уи азы аџьаԥҳани  рыла деибыҭаны,             убасҵәҟьа бџьарла – Калашников асистема иаҵанакуа автоматқәа ҩбеи Макаров асистема иаҵанакуа   атапанчақәа ҩбеи рыла  еиқәшәаз иҩызцәа Смыр А.К., Гезердаа А.В., Оҭырба Л.Р., Арӡынба А.Б.    ицны Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан иҟоу Оҭырба Л.Р. игәараҭа аҿы акриптовалиута арҳара иазку аиқәыршәагақәа рӷьычра зҽазызшәаз хәҩык инарзынаԥшуа шьоукы иреихсуа иалагеит.   Убри аан, Ренат Ԥачалиа, ахысра иадҳәалоу ихымҩаԥгашьа иаҵаз ашәарҭара атәы шеилыикаауазгьы иааигәаны ахысраан дишьит Арӡынба А.Б.  

Last modified on Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 18:48