Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РАДМИНИСТРАЦИАҚӘА РХАДАЦӘА АЛАРХӘНЫ АИԤЫЛАРА МҨАԤИГЕИТ.

Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 19:52 162

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи радминистрациақәа рхадацәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, афинансқәеи аекономикеи рминистрцәа Владимир Делбеи Кристина Озгани, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба.

Ирылацәажәан ашәахтәқәа реизгараҟны иҟоу аҭагылазаашьа, уи амҩаԥысшьа, афымцамч азы ауал аҩаӡара, Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәдыргыло аобиектқәа ирызку, амҩатә инфраструктура, аӡымҩангара, ацрыҵцарҭақәа; априватизациа зызу аобиектқәа иахьатәи рҭагылазаашьеи араионқәа рыҟны аинвестициақәа радԥхьалареи, COVID--19 ачымазараҿкы инамаданы атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьеи аҭыԥантәи амчрақәа уи аиӷьтәразы имҩаԥырго аусқәеи ирызку азҵаарақәа.

Арегионқәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит излацәажәоз азҵаарақәа инарыдҳәаланы аҭыԥан аҭагылазаашьа зеиҧшроу азы.

Аиԥылараҿы Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла аекономика аинвестициа адԥхьалара ԥыжәара шаҭатәу атәы.

Аиԥылара аихшьалақәа  рыла Аслан Бжьаниа арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵақәа риҭеит напхгара зырҭо ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны аҭагылазаашьа нҭырҳәыцааны аҭҵаареи уи хылаԥшра аҭареи рзы.

 

 

Last modified on Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 16:25