Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС АЗЫ АФИНАНСТӘ ЦХЫРААРА ИНАМАДАНЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ ПРОГРАММА ИАЛОУ 32 ОБИЕКТ РЫҞНЫ АУСУРАҚӘА ХЫРКӘШАТӘУП.

Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 12:30 185

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала инарҭбааны имҩаԥысыз аилатәара Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә Программа анагӡара иазкын.

Уи иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аиҳабыра Реилазаара алахәылацәа, араионқәеи ақалақьқәеи радминистрациақәа рхадацәа, аргыларатә фирмақәа рхаҭарнакцәа.

Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба аилатәара иалахәыз зегьы 2020 – 2022 шш. Аинвестициатә Программа анагӡара шымҩаԥысуа азы адырра риҭеит.

 

Афинанстә лимит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп 44 усмҩаԥгатә рынагӡара, азеиԥш ахә 1млрд. 350млн. мааҭ артәоит. «Урҭ рахьтә,  аамҭеихшаратә усурақәа инарықәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс азы афинанстә цхыраара инамаданы 32 обиект  рыҟны аусура хыркәшатәуп, 12 обиект рынагӡара азгәаҭоуп 2022 шықәса рзы. Арҭ еиҭаҵуа обиектқәоуп», -ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.

Жьҭаарамза 21-тәи азгәаҭақәа рыла ҳазҭоу ашықәс азы иҟаҵаз афинанстә цхыраара иартәеит 392 млн.мааҭ.

«Ас еиԥш аԥарақәа рхарахәара аҩаӡара алаҟәра зыхҟьаз  амзызсқәа ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба. Урҭ иарбоу амзызсқәа дырзааҭгылеит. Уи аргыларатә маҭәахәқәа рыхәԥса ахалара иахҟьаны, насгьы урҭ рекспертиза аиҭамҩаԥгареи инамаданы апроект-харџьынҵатә документациа аиҭахәаԥшра ахьаҭаххаз ауп изыхҟьаз, - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

«Иахьатәи амш азы авансқәеи иарку инагӡоу аусурақәа рактқәа раркреи раҳасабала ишәоуп 392  млн мааҭ.  Аха араинахыс ҳара анардкыларатә еиҿкаарақәа аԥара рызшәара ҳзалыршарым, избан акәзар, урҭ зегьы аргыларатә маҭәахәқәа рыхәԥса аизырҳара инамаданы рыпроект-харџьынҵатә документациа зегьы аиҭахәаԥшразы идәықәырҵеит. Убри аан аргыларатә еиҿкаарақәа зегьы аусурақәа аанымкылакәа рхатәы харџь ала анагӡара иаҿуп. Иахәҭоу аусшәҟәқәа шааҳаулак еиԥшҵәҟьа, инагӡоу аусурақәа рзы актқәа ҳнапы аҵаҩны инагӡоу аусурақәа рзы ашәатәқәа зегьы наҳагӡоит.   Иарбоу ашәатәқәа 700 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит».

2021 шықәсазы зынагӡара азԥхьагәаҭаз аусурақәа зегьы рфинанстәра ашықәс аҩбатәи азыбжазы иалагеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа аҿы ҳазҭоу афинанстә ашықәс азы Аинвестициатә Программа аобиектқәа рыла анагӡара 70% рҟынӡа анагӡара азы азԥхьагәаҭарақәа ыҟоуп.

 

Last modified on Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 16:06