Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕЛЕГАЦИА АОФИЦИАЛТӘ ВИЗИТЛА ҞАРАЧЫ-ЧЕРКЕССИАТӘИ АРЕСПУБЛИКА ИАҬААУЕИТ.

Аԥшьаша, 21 Жьҭаара 2021 13:17 181

  Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа напхгара зиҭо аделегациа аофициалтә визит ала Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика иаҭаауеит.   

Аделегациа аилазаараҿы иара убас иҟоуп: Асҭамыр Ҭарба – аграртә политика, аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы; Каха Пертаиа – аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы; Вадим Бжьаниа – Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат анапхгаҩы.

Жьҭаарамза 20 рзы Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика Апарламент аҿы Валари Кәарҷиеи Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дагир Смакуеви гәыԥҩык адепутатцәеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Аиԥылара иалахәыз азакәанԥҵаратә усхкы аҿы апарламентбжьаратәи усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аԥсни Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспубликеи рыбжьара аусеицура хадара злоу ахырхарҭақәа раҳасабала  аҵарадырра, атуризм, ақыҭнхамҩа аусхкқәа алкаан.  

Аиԥылара аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспбликеи иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратәи усбарҭақәа рпарламенттә еилакқәа рыбжьара аусеицура иалацәажәан.

Аԥснытәи аделегациа аофициалтә визит апрограмма аҿы иалоуп ауаажәларра рԥылара, аветеранцәа Рхеилак, ауаажәларратә еиҿкаара «Алашара» аҿы аиԥыларақәа рымҩаԥгара, иара убас Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы, афилологиатә наукақәа рдоктор Валери Кәарҷиа иусумҭақәа реизга аӡыргара.

 

Last modified on Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 20:17