Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤЫЗА-МИНИСТР ИҞНЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА АҾЫ АПСИХИАТРИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АУСУРА ИАДҲӘАЛОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аԥшьаша, 21 Жьҭаара 2021 11:01 176

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб жьҭаарамза 20 рзы агәабзиарахьчара асистема анапхгараҭареи апсихиатриатә чымазцәа рыхәшәтәразы ахәышәтәырҭа анапхгараҭареи  алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит излаанацҳауа ала, аиԥылара аҿы иарбоу ахәышәтәырҭа анапгараҭаратәии анхамҩатәии аусура ахылаԥшра аҭара, иара убас акадртә еиқәыршәареи ахәышәтәырҭа иахьаҵанакуа игылоу акорпусқәа рыхьчареи ирыдҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ирина Ануа,  аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәра ахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Тариел Габелиа,  «Аҟәаргылара» адиректор Рауф Ҳаразиа.

Алеқсандр Анқәаб аусмҩаԥгатәқәа рыплан аиқәыршәаразы анапынҵақәа ҟаиҵеит. Иарбоу аплан иалагалахоит ацхыраагӡатәи анхамҩатәи (аҳауеиҭныԥахлара, аканализациа, уҳәа) асистемақәа реиҭашьақәыргылара иара убас иҷыдоу арежим иаҵанакуа акорпуси иааизакны ахәышәтәырҭа аҵакыреи рыхьчареи аԥаенџьырқәеи ашәқәеи рыблоки арӷәӷәреи.    

 

Last modified on Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 19:39