Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ВЛАДИМИР ДЕЛБА: МЧЫБЖЬЫК АЛА COVID-19 ИАҾАГЫЛАНЫ АҚӘԤАРА ИАҚӘХАРЏЬХЕИТ 30,2 МЛН МААҬ.

Аԥшьаша, 21 Жьҭаара 2021 10:41 180

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ахаша, жьҭаарамза  20  рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы иалацәажәеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥара ахарџь адинамика, иара убас астационарқәа рҿы ишьҭоу ачымазцәа рыхәтәразы ихымԥадатәиу аҵәыҵәрии ахәшәқәеи, уҳәа ихымԥадатәиу амаҭәарқәеи рыла аиқәыршәара мҩаԥызго аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҿаԥхьа ауалқәа ршәара иадҳәалоу азҵаарақәеи.  Афинансқәа рминистр ахәышәтәырҭқәа рынагӡара рфинанстә   ҭаххрақәа реизырҳара шыҟоу азгәеиҭеит.  

«Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы ҳара агәабзиарахьчара асистема 30 млн 200  нызықь мааҭ рҟынӡа афинанстәра мҩаԥаагеит», - ҳәа иҳәеит атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба.  

Уаанӡа акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ачымазцәа рыхәшәтәра иадҳәалоу аҭаххрақәа зегьы рыхҩара азы афинанстәра абжьаратәи ашәагаа 18 млн мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Едуард Быҭәба иажәақәа рыла аҭаххрақәа реизҳара ачымазара злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара аизҳареи, иара убас ачымаза иуадаҩны ацашьеи роуп изыдҳәалоу.

«Ари авирус алаҽра ауаа акыр иуадаҩны ирхыргон, убри аан аҭагылазаашьа аруадаҩуеит иара убас   сезонла ицәырҵуа, иӷәӷәаны имҩаԥысуа ареспиратортә вирустә ҿкы чымазареи (ОРВИ) иӷәӷәоу ареспиратортә чымазареи (ОРЗ)», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Едуард Быҭәба.

Алеқсандр Анқәаб апрепаратқәа рыҭара ахылаԥшра аҭареи, убри аан ахәшәқәеи ахыхьчагатә хархәагақәеи мызкы шыбжьоу рыдкылара  алыршареи рзы анапынҵақәа риҭеит.

«Аҳәынҭқарра астационар ахь инагоу апациент хәшәыла аума, фатәи-жәтәи рыла аума адифицит имоуларц азы иалшо зегьы ҟанаҵоит. Аха атәылауаа роуп зегьы реиҳа аҭакԥхықәра зду: авакциана алаҵара, массала ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рахь амнеира, иара убас ахыхьчаратә санитартә нормақәа рынагӡара», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

 

Last modified on Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 19:08