Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: АИНВЕСТИЦИАТӘ ПРОГРАММА АОБЕКТҚӘА РҾЫ АУСУРАҚӘА ИЗЛАУА АЛА ИРЛАСНЫ РХЫРКӘШАРЕИ АХАРХӘАРАЗЫ РЫҬАРЕИ ХЫМԤАДАТӘИУП.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 20:45 138

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, жьҭаарамза  20 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рахь аинспекциатә ныҟәара мҩаԥигеит.  

Аусуратә ныҟәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада ас еиԥш аинспекциатә ныҟәарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыслоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара урыстәылатәи аган ахь афинанстәра ашәагаақәа реизырҳара азы аҳәара ҟаҳҵоит. Уи азы иазԥхьагәаҭоу апроектқәа излауа ала ирласны иахәҭоу ахаҭабзиара аҭаны рынагӡара алҳаршароуп. Убри аҟнытә ари азҵаара сара хаҭала ахылаԥшра асҭалоит. Аинвестициатә Программа анагӡара ахылаԥшра азҭало аштаб аԥҵахоит. Ари апроцесс иахьа ихацыркхоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иахьа изҭааз аобиектқәа зегьы ареспублика азы аҵакы ду аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара сыблала избар акәын иарбан раионқәоу, иарабан обиектқәоу зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа. Урҭ зегьы Аинвестициатә программа иалоу роуп. Ҳазҭааз обиектқәа рыхәҭак ҳара ҳбиуџьет аҟынтәи афинанстәра мҩаԥысуеит, егьи ахәҭа – Аинвестпрограмма ахарџь ала. Ҳара иахьа Ԥсоу аӡиас амшын Еиқәа иахьалало аҭыԥ аҿы ҳнеины иаабеит. Уигьы збар акәын, избан акәзар аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациа апроцесс мҩаԥысуеит. Аӡы амшын иахьалало ала, абжьаратәи ацәаҳәа ала аекономикатә шельф аҳәаа алкаахоит. Уаҟа иҟоуп зыӡбара хымԥадатәиу азҵаарақәа», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  

 

Last modified on Ахәаша, 22 Жьҭаара 2021 18:18