Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЦӘЫББРАМЗА ИНАРКНЫ АԤСНЫ ИАЛГАНЫ ИГОУП 252 ТОНН ИНАРЗЫНАԤШУА АЦИТРУСТӘ ШӘЫРҚӘА.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 12:34 188

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза инаркны Аԥсны иалганы иган 252 тонн ацитрустә шәырқәа, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо ирҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы.  2020 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы атәыла иалганы иган 245 тонн, 2019 шықәсазы – 20 тонн.

Аминистрцәа Реилазаара 2021 шықәсазы ацитрустә шәырқәа рзы аахәаратә хәыԥсақәа шьақәнарӷәӷәеит.  Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо атәыла ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиан иҟаиҵаз адыррақәа рыла, кьылак амандарини апаҭырқали аахәаратә хәыԥса 21 мааҭ иреиҵамзароуп,  кьылак алимон – 20 мааҭ иреиҵамзароуп, кьылак истандартым ацитрустә шәырқәа рыхәыԥса – 5 мааҭк иреиҵамзароуп.   Последнее изменение Среда, 20 октября 2021 14:20.

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 22:34