Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЫХЬӠ ИАДҲӘАЛОУ АМАТЕРИАЛҚӘА РЕИЗГАРА АЗЫ ОНЛАИН-КОНКУРС МҨАԤНАГОИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 12:57 242

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡ иадҳәалоу агәаларшәагатә ҭыԥқәа, аҵараиурҭақәа, акультуратә ҽҳәаарақәа, уҳәа рзы аматериалқәа реизгара азы онлаин-конкурс мҩаԥнагоит.

Аконкурс мҩаԥгахоит 15 – 25 шықәса зхыҵуа аҿар рыбжьара.  

Онлаин-конкурс алахәхаразы хымԥада иарбатәуп: ухьӡ, ужәла, уабхьӡы, уира амш, унхарҭаҭыԥ, аҵара ахьуҵо, мамзаргьы узылгахьо аҵараиурҭа ахьӡ, уҭел аномер.

Аконкурс амҩаԥгара аҽҳәарақәа: цәыббрамза 15 инаркны ԥхынҷкәынмза 15, 2021 шықәсанӡа.

Онлаин-конкурс анхыркәшахалак ашьҭахь 10-мыш ирылагӡаны ажиури аконкурс аихшьаалақәа рзы адыррақәа аланарҵәоит. Урҭ инарықәыршәаны аиааира згаз (инагӡоу ииашоу аҭакқәа аазышьҭыз) I, II , III аҩаӡара змоу адипломқәеи агәаларшәаратә ҳамҭақәеи ранашьахоит.  

«Аконкурс амҩаԥгара хықәкы хадас иамоуп: еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл, рхатәы бызшәеи алитературеи рахь абзиабара рылааӡара, иара убас аԥсуа жәлар аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи акультура аҭоурых адырреи», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу.

Аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аелектронтә пошьҭа Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees..  ахь анашьҭра ҟалоит.

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 23:04