Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАГРА АҚАЛАҚЬ АПРИНЦ ОЛЬДЕНБУРГТӘИ ИБАҲЧАҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА АШЫҚӘС НҴӘААНӠА ИХЫРКӘШАХОИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 14:34 196

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рахь иусратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭгӡаныАҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра ақалақь апринц Ольденбургтәи ибаҳчаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит.  

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба Аҳәынҭқарра Ахада еиҳәеит  абаҳчаҿы ашьаҟамҩатә хаҳә ақәҵареи алашарбагатә шьаҟақәа рышьақәыргылареи рыда егьырҭ аусурақәа зегьы шхыркәшоу, иҳәеит амаҭәахәқәа зегьы шаахәоу. Афымцацәаҳәақәа зегьы ԥсахуп, алашарбагатә маҭәахәқәа амонтаж рзыруеит, абаҳчаҿи аԥшаҳәаҿи ахаҳәцәы ықәырҵоит.

Аслан Бжьаниа дазҵааит абаҳчаҿы ианаамҭаз аусурақәа зхыркәшамыз.

«Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩын 2018 шықәса рзы. Раԥхьатәи афинанстә цхыраара аанкылан 2020 шықәсазы. Ҳарҭ апроект-харџьынҵатә документациа арҽеирақәа алаҳгалар акәхеит, избанзар аханатә акоммуникациақәа ҳәа акагьы азгәаҭамызт. Ҳара ахарџьынҵа ҿыц шьақәҳаргылеит, уа иахәҭаз зегьы аҳарбеит. Аҩынтәраан азинтәкомиссиабжьара аицхантәаҩцәа рыӡбамҭала афинанс азбжа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә афымцамчы аагара ахә ахшәаарахьы идәықәҵан. Ҳаԥшыр акәхеит аҭагылазаашьа ҟалаанӡа», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Апарк аҟны аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп ашықәс анҵәамҭазы.

Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илыдиҵеит ахыбрақәа рзы аҭакԥхықәра здыз афирмақәа рус ахьырзынамыгӡаз азы ареестр ралгара, избанзар русура рзынамыгӡеит, аҳәынҭпроектқәа рахь инашьҭымзааит ҳәа.

.   

Среда, 20 октября 2021 14:34.

 

 

 

 

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 22:06