Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АИНВЕСТПРОГРАММА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ЗЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА МҨАԤЫСУА АОБИЕКТҚӘА ДЫРҬААНЫ ИГӘЕИҬЕИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 11:50 142

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2020-2022 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма иалоу Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҿы иҟоу афымцакаҭатә нхамҩа аобиектқәа рышҟа аусуратә ныҟәара мҩаԥигеит. 

Аслан Бжьаниа раԥхьа даҭааит ҳазҭагылоу аамҭазы арҽеиратә усурақәа ахьымҩаԥысуа аиҵастанциа "Бзыԥ-220". Ари астанциаеиҵа ареспубликаҟны иҟоу астанциа дуқәа ируакуп. Шьаҭанкылтәи аргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз адҳыррақәа рыла, уи аиҭашьақәыргылара ахарџьԥса иартәоит - 540 млн. мааҭ. Урҭ рахьтә амыруга иазԥхьагәаҭоуп 440 млн. мааҭ, иаанхаз ахәҭа аргылара-монтажтә усурақәа рымҩаԥгара иазкхоит. Уажәы ари иазку ахархәагақәа рахьтә абжеиҳарак хархәара аҭоуп. Иаҭаху аусурақәа зегьы рымҩаԥгара анаҩс 80-90 МВт амчхаралшара змоу.

Аиҵастанциа иреиҳаӡоу аидара иартәароуп 250МВт. Арҿыцратә усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2022 шықәса анҵәамҭазы.

Иара убас Ахада дахәаԥшит ҳазҭоу ашықәс азы аԥша бааԥс аныҟала амашәыр ӷәӷәа ахьыҟалаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо Аҳаиртә цәаҳәа «Ԥсоу-220» аҟны.

«Амшынеиқәафымцамч» Адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Гырџьынба иҿыцу ашьаҟақәа хәба шышьақәыргылоу азы адырра ҟаиҵеит.

Ари ацәаҳәа ивольтҳараку Афымцастанциа «Аҽгәара» аусура анеиԥҟьо аамҭазы Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аиагара алнаршоит. Уи абжьазаара – 38,7 километр рҟынӡа инаӡоит. Амчхара – 220 киловатт. 

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 21:45