Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСТАНЦИАЕИҴА «ГЬЕЧРЫԤШЬ» «АТЕХНОПАРК» АПРОЕКТ ФЫМЦАЛА АИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АХАРХӘАРА АҬАРА ҞАЛОИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 12:25 198

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭеи Гагреи араиотнқәа рахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны астанциаеиҵа «Гьечрыԥшь» даҭааит.  

Аԥыза-министр, аекономика аминистр  Кристина Озган Ахада иалҳәеит ари аиҵасҭанциа «Атехнопарк» фымцала аиқәыршәаразы хархәара аҭара шазгәаҭоу. Аха уи азы даҽа станциак шыргылатәу мамзаргьы ари амчхара рӷәӷәатәуп.

«Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара шәанрыдҵаала ашьҭахь, Аԥсныҟа иааит Интер УАУ аспециалистцәа ргәыԥ. Урҭ аус зуа асхьемақәа ирыдҳәаланы афымцамч анагаразы атехникатә лшара ҭырҵаауан. Еиҳа иудукыло вариантуп  - афымцеихшарҭа "Гьечрыԥшь» - лҳәеит Кристина Озган.

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 21:13