Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ШЬАМТӘЫЛАТӘИ АРАБТӘ РЕСПУБЛИКАҞНЫ ИҞАЛАЗ АРЫЦҲАРА ИНАМАДАНЫ БАШАР-АЛЬ-АСАД ИШҞА АДЫШШЫЛАРАТӘ ЦҲАМҬА ИШЬҬИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 16:39 214

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҟалаз арыцҳара инамаданы Ахада Башар-аль-Асад ишҟа адышшыларатә цҳамҭа ишьҭит.

«Шәара шәахь исымоу аҳаҭыр шьақәырӷәӷәо, Шьамтәылатәи Арабтә Республика  аҳҭнықалақь Дамаск иҟалаз атерракт инамаданы гәыла-ԥсыла сшәыдгылоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Шьамтәыла аҭыԥ змаз арыцҳара ауаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит, иагьақәыӡбоит. Аҳәара ҟасҵоит иҭахаз рҭаацәа ҳашрыдгыло ала, иара убас ааха зауз иаарласны агәабзиара роурц азеиӷьашьара шыҟаҳҵо азы адырра рышәҭарц».

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 23:03