Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНИ НИКАРАГУУЕИ РЫБЖЬАРА 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АКУЛЬТУРА, АҴАРАДЫРРА, АСПОРТ АУСХКҚӘА РЫЛА АУСЕИЦУРА АПЛАН ИАХЬЫНӠАХӘҬОУ АУС АДУЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 10:18 151

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 рзы атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы  Ареспублика Никарагууа ахаҭарнакцәа алархәны авидеоконференциа мҩаԥысит.

Аиҿцәажәара аҩганк рганахьала иалахәын акультура, аҵарадырра, аспорт аусхкқәа рганахьала аус зуа аминистррақәа, ахылаԥшырҭақәа русзуҩцәа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Авидеоконференциа  аминистррақәа рыбжьара аусеицура амҩаԥысра алацәажәареи, иара убас 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ирызкын..

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр  Аԥсни Никарагууеи рыбжьара аусеицура традициала хра аланы имҩаԥысуеит, ааигәа 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рыплангьы еиқәыршәаны никарагуатәи аган ахь ақәшаҳаҭхаразы  инашьҭхоит ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Никарагуатәи аган аусеицура иалкаау апунктқәа зегьы рыла анаскьара ишазхиоу азгәанаҭеит. Уи ахәҭакахьала, ақәшаҳаҭхаразы акультуратәи аспорттәи усмҩаԥгатәқәеи, иара убас аҵарадырра аусхкы аганахьала апроектқәа рсиа адгалара мҩаԥнагеит.

Аԥсны ахаҭарнакцәа 2022 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыплан аҳәаақәа ирҭагӡаны мҽхакы ҭбаала аусура ишадгыло азгәарҭеит.

 

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 20:30