Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Гулькевичи ақалақь аҟынтәи акоманда “Локомотив” аспортсменцәа “С.У. Багаҧшь ихьӡ зху Ахраҿа” аиура рҽаҧсартәит.

Амҽыша, 30 Нанҳәа 2020 17:24 450

Аиааира згаз аспортсменцәа Ахраҿа ранеишьеит Аҧсны аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.

Аҟәа. Нанҳәамза 30. 2020 ш. Аҧсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Аҧсны Аҩбатәи Ахада игәалашәара иазкны “С.У. Багаҧшь ихьӡ зху Ахраҿа” агаразы IX Жәларбжьаратәи атурнир.  

Атурнир афинал аҿы Краснодартәи атәылаҿацә, ақалақь Гулькевичи аҟынтәи иааз акоманда “Локомотив” Аҧсны акоманда ҕәҕәала ацлабрала асчиот  58:55 ала аиааира агара алшеит.

Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба атурнир аҿы аиааира згаз, Аҟәа ақалақь 2500-шықәса ахыҵра иазкны иҭыжьыз агәаларшәаратә араӡнытә ҧсарқәа “АҞӘА” ранеишьеит. 

“Гәык-ҧсыкала атурнир иалахәызи аиааира згази срыдныҳәалар сҭахуп.  Сгәы иаанагоит аспорттә ҩаӡара аҿы имҩаҧысуа аибабара, ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәеи аиҩызареи лымкаала иарҕәҕәоит, иара убри ала аспорт аҿиара аперспективақәа еизнарҳауеит ҳәа.  Шәара зегьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиҕьасшьоит”, - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Беслан Ешба.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҟынтәи иҷыдоу аҳамҭа иара убас ианашьахеит Донецктәи Жәлартә Республика амҵәышәмпыл азы ахацәа ркоманда азыҟаҵаҩ хада Кристина Цыкаловеи Донецктәи Жәлартә Республика амҵәышәмпыл аветеран Инесса Ходовеи.

Аҧсны Аҩбатәи Ахада игәалашәара иазкны имҩаҧгаз атурнир аҿы иреиҕьу ахәмарыҩ ҳәа далкаахеит Михаил Сало (“Локомотив”).

Иара убас иалкаахеит акомандақәа иреиҕьу ахәмарыҩцәагьы: Степан Бородаев (“Гулькевичи”), Витали Гизеи (“Славианск-на-Кубани”), Владислав Белецки (ДЖәР), Дмитри Минчаков (Аҧсны еизгоу акоманда), Николаи Гушьин (“Аҟәа”).

Атурнир амобилтә еимадара “А-Мобаил” ацхыраарала еиҿнакааит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.