Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аслан Бжьаниа Русҭам Минниханов Ҭаҭарсҭан Ареспублика Амш азы дидныҳәалеит

Амҽыша, 30 Нанҳәа 2020 17:49 506

 

Нанҳәамза 30 рзы Ҭаҭарсҭан Ареспублика аҿы Ареспублика ашьақәгылареи Казань ақалақьи Рымшныҳәа  азгәарҭоит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2020 ш. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Русҭам Минниханов Ҭаҭарсҭан  Ареспублика Амш азы дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп: 

“Ҳаҭыр зқәу Рустам Нургали-иҧа!

Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Ҭаҭарсҭан ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит Ҭаҭарсҭан Ареспублика  ашьақәгылареи Казан ақалақьи Рымшныҳәа! 

Иахьа Ҭаҭарсҭан  –  ари зекономика ирласны аҿиара иаҿу, ааглыхратә лшара ду змоу регионуп. 

Аҧсни Ҭаҭарсҭани акыр шықәса раахыс аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. 1993 шықәса ҧхынгәымза 1 азы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭазы Казан иаартын Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра. 

Аҧсны жәлар ҳаҭырла иргәаладыршәоит Ҭаҭарсҭан Ареспублика аибашьра ашықәсқәеи аибашьрашьҭахьтәи аблокадеи раан иҟанаҵаз ацхыраара.   1994 шықәса нанҳәамза 17 рзызнапаҵыҩра мҩаҧгаз  “Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра” ҳреспубликақәа реимадареи русеицуреи шьаҭас иамоуп. 

Абри аныҳәамш аҽны аиҩызара ҳзызуа Ҭаҭарсҭан Ареспублика иазеиҕьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аизҳазыҕьара”.