Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Урыстәылатәи аҳаҧҭҵааҩцәеи Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҧсеиқәырхаҩцәеи аҳаҧы аҟынтәи иҭахаз Павел Демидов иҧсыбаҩ аҭыгаразы аоперациа мҩаҧыргоит.

Амҽыша, 30 Нанҳәа 2020 17:21 555

Иҭахаз аҳаҧҭҵааҩы иҧсыбаҩ аҭыгаразы атрасса аиқәыршәара ҧшьымш раҟара иадхалар алшоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2020 ш. Аҧсныпресс. Урыстәылатәи аҳаҧҭҵааҩцәеи Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҧсеиқәырхаҩцәеи аҳаҧы аҟынтәи иҭахаз Павел Демидов иҧсыбаҩ аҭыгаразы аоперациа мҩаҧыргоит ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Уи аҧхьа, нанҳәамза 22 ахәылбыҽха, урыстәылатәи аҳаҧҭҵааҩы иҧсыбаҩ аилаҳарҭа аҟынтәи иаҵырхит.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳаҧҭҵааҩцәеи аҧсеиқәырхаҩцәеи аҳаҧы аҿы абжьысырҭақәа дрыцқьалоит. Аҧсеиқәырхаҩцәа иҭахаз аҳаҧҭҵааҩы иҧсыбаҩ аҭыгаразы асакаса ахархәара алыршахартә еиҧш ишәарҭоу аҭыҧқәа дырҭбаауеит.

Аамҭак ала  ҩ -гәыҧк аус руеит: гәыҧк аҳаҧы аҿы аус ауеит, егьи хыхь, аҳаҧы узлаҭало аҭыҧ аҿы аус ауеит, араҟоуп зегьы раасҭа ишәарҭоу ахаҳәқәа реилыбгара ахьыҟаз. Аусурақәа зегьы напыла, иҷыдоу аиқәыршәагақәа рхархәарала  имҩаҧысуеит. Иҭахаз аҳаҧҭҵааҩы иҧсыбаҩ аҭыгаразы атрасса аиқәыршәара ҧшьымш раҟара иадхалар алшоит.

"Нанҳәамза 26 инаркны аҳаҧҭҵааҩцәа урыстәылатәи Реидгыла иалоу 20-ҩык  инарзынаҧшуа аҳаҧҭҵааҩцәа  300 метра рҟынӡа инаӡо аҵаулара аҿы, нанҳәамза 23 рзы иҭахаз Павел Демидов иҧсыбаҩ ашьҭыхразы  еилаҳаз ахаҳәқәа реилыхра иадҳәалоу аусурақәа рхы аладырхәуеит.    

Аӡәи-аӡәи рҽеиҭныҧсахлауа, ҩыџьа-ҩыџьала, хҩы-хҩыла аҳаҧы ахь илбаауан, урҭ еилаҳаз ахаҳәқәа ықәганы иҭахаз аҳаҧҭҵааҩы иҧсыбаҩ шьҭырхит. Ҩымш-хымш ирылагӡаны иҭахаз аҳаҧҭҵааҩы иҧсыбаҩ шьҭыххоит”,- ҳәа ТАСС акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла, Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр иажәақәа рыла, Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аҧсеиқәырхаҩцәа ари аҩыза аҵаулара аҿы аусуратә ҧышәа рымаӡам, аха урыстәылатәи аҳаҧҭҵааҩцәа ашьхараҿы русураҿы ацхыраара рырҭоит.

Павел Демидов акоманда "Перово-Спелео" алахәылас дыҟан. Нанҳәамза 23 рзы Павел Демидов иколлега Андреи Шумеико дицны Мраҭашәаратәи Кавказ Гагратәи ашьхеибаркыра Арабика иҭҵаам аҳаҧқәа руак ахь дылбааит. 305 метра аҵаулара аҿы аилаҳара ҟалеит. Андреи Шумеико уи дацәцеит, Павел Демидов иакәзар ахаҳәқәа реилаҳара даҵахеит. Павел Демидов 49 шықәса ракәын ихыҵуаз.     

 

Last modified on Ашәахьа, 31 Нанҳәа 2020 17:24