Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҧсны Ауаажәларратә Палата нанҳәамза 26 аныҳәамш инамаданы Аҧсны ажәлар ирыдныҳәалеит.

Ахаша, 26 Нанҳәа 2020 14:27 642

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2020 ш. Аҧсныпресс. Аҧсны Ауаажәларратә Палата  ареспублика ахьыҧшымра азхаҵара Амш инамаданы Аҧсны ажәлар зегьы ирыдныҳәалеит.

“Нанҳәамза 26, 2008 шықәса ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара аҭоурых аҭоурыхтә иашареи, милаҭрацәала еилоу ҳажәлар агәҭакы анагӡареи  зырҵабыргуа ахҭыс аҳасабала ианылеит. Ҳара ари амш иуадаҩу мҩала иазнеиуеижьҭеи акрааҵуан. Аха иахьа, ҳара ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рыхьӡала иҭахаз ҳажәлар  рҵеи иашақәа баша иҭамхеит ҳәа иаҳҳәарц ҳалшоит. 

Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара аӡбамҭа иабзоураны, ҳажәлар ршьала икәабоу ахьыҧшымра аофициалла азхаҵара алыршахеит.

Анаҩс Урыстәыла иаҿырҧшны егьырҭ атәылақәагьы Аҧсны ахьыҧшымра азхарҵеит. Урҭ зегьы ҳҳәынҭқарра аганахьала аиҩызара нарыгӡоит”, -ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата Урыстәылатәи Афедерациа ажәлари анапхгареи Аҧсны асуверенитет азхаҵареи аиашьаратә цхыраареи ҳаҭыр дула иазнеиуеит.