Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Даур Ақаҩба: “Урыстәылатәи Афедерациа ала Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара, ҳҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа ахҭысқәа ириуахеит”

Аҩаша, 25 Нанҳәа 2020 18:19 540

 

Аҟәа. Нанҳәамза 25 2020 ш. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амшныҳәа аламҭалазы, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  “Аҧсныпресс” акорреспондент диҿцәажәеит.

 

- Нанҳәамза 26 рзы Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амшныҳәа азгәарҭоит. Шәара шәзы ари амш ҵакыс иамоузеи?

 

- Сгәы иаанагоит, нанҳәамза 26 – Ареспублика Аҧсны дарбанызаалак атәылауаҩ изы ари арыцхә акырӡа аанагоит ҳәа. “Урыстәылатәи Афедерациа ала Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара, ҳҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит”. Ари ахҭыс Урыстәылатәи аҳәынҭқарра аганахьала ахылаҧшреи ацхыраареи иақәгәыҕуа акыр аамҭа ҳауаажәлар ззыҧшыз усны иҟалеит. Ҳара иахьа уи ҳашьцылан, усгьы ахала иҟалараны иҟаз хҭысны ҳахәаҧшуеит, убри аан нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы иҟалаз ари ахҭыс иамоу аҵакы ахадара нагӡаны ианыҳзеилымкаауагьы ыҟоуп.  Аҧсны хәыҷы адунеи аҿы зегьы реиҳа идуу аҳәынҭқаррақәа иреиуоу, зхыҧша акыр идуу, жәларбжьаратәи аполитикатә процессқәа алахәылаҩ, зҳәатәы аҧхылнадоу аҳәынҭқарра, Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара есымшатәи алахәыла аҟынтәи адипломатиатә азхаҵара аиуит. Атәыла азы акыр ишәарҭаз, агәҭынчымра зцыз 2008 шықәсазы нанҳәамзатәи амшқәа рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу Анапхгара иаднакылаз аҭоурыхтә ӡбамҭа акыр ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Аҧсны ажәлар ишәарҭадоу аҿиаразы акыр аамҭа иззыҧшыз алшара роуит.  

 

–Аҧсны ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара апроцесс ацҵара иазырханы атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра усурас имҩаҧнагозеи?

 

 - Аҧсны ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара апроцесс ацҵара иазырхоу аусура – ари акыр аамҭа зымҽханакуа, еизаку процессуп. Уи ихымҧадатәиу алҵшәа аиура азы еиуеиҧшым аинструментқәеи амеханизмқәеи ралагалара азҧхьагәанаҭоит. Иарбоу апроцесс аҿы ихадоу ароль жәаҳәарада инанагӡоит адәныҟатәи аусқәа Рминистрра. Аха иара убри аамҭазы, ахьыҧшымра азхаҵара иазырхоу аусуратә ҽазышәарақәа адәныҟаполитикатә хылаҧшырҭа аусура мацарала иҳәаақәҵахаӡом. Иарбоу адәныҟаполитикатә хырхарҭа аполитика-дипломатиатә, акультура-гуманитартә, аинформациатә ҟазшьа змоу мҽхакы ҭбаала имҩаҧысуа аусурақәа азҧхьагәанаҭоит. Аха урҭ конкретла иаартны рылацәажәара азы алшара ҳамаӡам. Жәларбжьаратәи азхаҵара ҳаналацәажәо, еимга-еимцарак ала аеффект азыҧшреи, мамзаргьы иарбан тәылоу анаҩс Аҧсны ахьыҧшымра (асуверенитет) азхазҵо азы заанаҵтәи агәаангарақәа  рҳәара  аҭахӡам. Хьаҵра ҟамҵакәа, ахықәкы-хырхарҭатә усура анагӡара ахәҭоуп. Усҟан хымҧада хра злоу алҵшәагьы ҟалоит.

 

- Аҧсны ахьыҧшымра егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыла азхаҵара апреспективақәас иамоузеи?

- Араҟа имариоу, адазҳәазҵам аҭак зыҟаларым.  Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара аперспективақәа зҵакы аҽаҧсахлар зылшо, иакымкәа-иҩбамкәа афакторқәа ирыдҳәалоуп. Раҧхьаӡа иргыланы, Аҧсны Аҳәынҭқарра адунеи зегьы аҟынтәи аизолиациа азура иазырханы Қырҭтәыла имҩаҧнаго хықәкылатәи аполитикеи жәларбжьаратәи акониуктуреи ҳасаб рзутәуп. Хымҧада еилкаатәуп акы, ҳара инаҳагӡоуи, адгылара ҳазҭо аҳәынҭқаррақәеи инарыгӡо аусура  Қырҭтәыла аганахьала  ҕәҕәала аҿагылара аиуеит.  Кырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа аҳәаанырцә ицо Аҧсны ахаҭарнакцәа рус аҧырхагахара азы рҽазҵәылхны ирышьклаҧшуеит. Убри аан, Қырҭтәыла, Ареспублика Аҧсны агәаанагара азхьаҧшра хымҧадатәны имҧхьаӡакәа, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аструктурақәа рҿы Қырҭтәыла аинтересқәа ӡырызго Еиду Америкатәи Аштатқәеи Европатәи атәылақәа Реидгылареи адгылара иақәгәыҕны ахатәы политика нанагӡоит. Аха уеизгьы, ҳара аинформациатә вакуум алҵреи, Аҧсны иазку аобиективтә информациа аларҵәареи, адунеи еиуеиҧшым арегионқәа рҿы аимадара ҿыцқәа рышьақәгылареи рзы шьаҿа-шаьаҿалатәи аусура анагӡара ҳаҿуп.

-Аҧсни Урыстәылеи рыдәныҟалолитикатә хылаҧшырҭақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәгылашьа  зеиҧшрои?

 

 -Ҭакҧхықәрала исҳәарц сылшоит, ҳтәылақәа рыдәныҟаполитикатә хылаҧшырҭақәа рыбжьара агәреибагаратә, аимабзиаратә, аусуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылоуп. Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи  арегионалтә мшеизша еиҳа актуалра злоу азҵаарақәеи апроблемақәеи рыла иааиҧмырҟьаӡакәа аимадара ҳабжьоуп, адәныҟаролитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, лассы-лассы аконсультациақәа мҩаҧаагоит, ҳаҧхьаҟатәи аусуразы азҧхьагәаҭарақәа ҟаҳҵоит. 

 

 - Лаҵарамза, 2018 шықәса рзы Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аҧсны аҳәынҭқарратә суверенитет азханаҵеит.  Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа хәшьарас иашәҭоузеи?  Шьамтәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы конкретла иҟаҵоузеи? 

 

- Аҧсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьа апотенциал ҕәҕәа амоуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы абазатә еиқәшаҳаҭра уахь иналаҵаны, аекономикатә усеицуреи ахәаахәҭреи русхкы аганахьала аиқәшаҳаҭреи, иара убас, егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа жәпаки рнапаҵыҩра мҩаҧысхьеит. Ааигәа  Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҟны аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ аофициалла имаҵураҭыҧ дахагылеит. Ҳара еиҳа актуалра злоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҳәаақәа рырҭбаара ҳазхиоуп.  Аха иара убас Шьамтәыла иахьа, ишаадыруа еиҧш, даара имариам аҭагылаазашьаҿы ишыҟоу, бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара иахьа-уажәраанӡа ишхыркәшам, атәыла Анапхгара амчра зегьы аусура аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа атеррористтә цәырҵрақәа рҧырҟәҟәаара ишазырхоу ҳасаб азутәуп. Аха иарбанызаалак бџьаршьҭыхлатәи аконфликт уеизгьы иахьамзар-уаҵәы хымҧада аҭынч аамҭа ашьақәгыларала ихыркәшахоит. Ҳара даараӡа ҳақәгәыҕуеит, Дамаск иҟоу атәыла Анапхгара  қәҿиарала иҟоу ауадаҩрақәа ириааины  Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҭынч ҿиара амҩа анылара шалнаршо. Уи, ахәҭакахьала, Аҧсни Шьамтәылеи ирыбжьоу  аҩганктәи  аусеицура аҳәаақәа рырҭбааразы иназыцҵоу стимулны иҟалоит.  

 

- Ҳауаажәларратә еилазаараҿы инеиҧынкыланы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аилацәажәарақәа рперспективадара азы агәаанагарақәа  цәырҵуеит. Уимоу, аҧсуа ган иарбоу аилацәажәарақәа рылахәхара аанкылатәуп ҳәа зҳәоугьы дубап. Шәара иахышәҳәаауазеи уи? Иарбоу аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны хадара злоу еихьӡарақәаны ишәыҧхьаӡои?

 

- Женеватәи аилацәажәарақәа  рылҵшәара азы иҟоу агәаанагара рнаҩс, иахьа Ареспублика Аҧсны адәныҟатәи аполитикатә арена аҿы  иарбоу аформат мацарала адгалара шымҩаҧысуа хымҧада иазхоумҵар залшом. Иахьазы макьана даҽа еиҿцәажәаратә механиз ыҟаӡам. Иарбанызаалак аконфликт ашьҭахь еиҿкаахо  аиҿцәажәаратә процесс – ари есымша акыр аамҭа зҵазкуа, иуадаҩу, узырааҧсоу мҩоуп. Уи жәашықәсала ианымҩаҧысуагьы ыҟоуп. Женеватәи аилацәажәарақәа (адискуссиақәа) рылахәхарала, ҳтәыла акгьы ацәыӡӡом. Уимоу, ҳара, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Европатәи атәылақәа Реидгыла, Европатәи Атәылақәа ршәарҭадара Ахеилак ахаҭарнакцәеи, уҳәа аилацәажәарақәа егьырҭ алахәылацәеи  еиҟароу азинқәа рыла рыҿцәажәаразы алшара ҳауеит. Ари адунеи егьырҭ атәылақәа рымадаразы есымшатәи хра злоу лшараны иҟоуп. Уи излауа ала еффективла ахархәара хымҧадатәиуп.

 

- Ареспублика ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аламҭалазы Аҧсны ажәлар ирзеиҕьашәшьозеи? 

 

- Ареспублика Аҧсны ажәлар аҧеиҧш бзиа амоуп. Уи азы ихымҧадатәиу алшарақәеи аҭагылазаашьеи ыҟоуп. Ҳара ибарақьаҭу адгьыл аҿы ҳанхоит. Аха  хымҧада иаҳдыруазар ахәҭоуп, арҿиаратә усурада  хра злоу алҵшәақәа раарҧшра залмыршахар ҟалоит. Ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны хықәкыла иреиҕьу аҧеиҧш ахь амҩа ҳанылароуп.  

 

Last modified on Ахаша, 26 Нанҳәа 2020 14:29