Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУРИ НИКОЛАИ-ИԤА ВОРОНОВ 80 ШЫҚӘСА ИХЫҴРА ИАЗКУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ КОНФЕРЕНЦИА АЛАХӘЫЛАЦӘА ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 19 Жьҭаара 2021 10:18 187

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҵарауаҩ-кавкаҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи  аусзуҩ, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылақәа иреиуаз Иури Николаи-иԥа Воронов диижьҭеи 80 шықәса иҵра иазку  "Археологиеи аҭоурыхи ирызку адырра ҿыцқәа инарымаданы Кавкази Амшынеиқәаҿықәи ажәытәӡатәии аамҭақәа инадыркны ихьшәоу абжьаратә шәышықәсеи рҟынӡа” захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа далахәын. Аконференциа алахәылацәа  дрыдныҳәало Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:«Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳҵарауаа!

Наунагӡа ҳаҭыр рықәзаауеит зыжәлар рзинқәа рыхьчараҿы аиаша иадгыло, зҳәынҭқарра аргылараҿы, ашьақәырӷәӷәараҿы зымч-зылша иамеигӡо, амаҵ азызуа аҵеицәа. Убарҭ рыгәҭа дгылоуп иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Иури Николаи-иԥа Воронов.

Ҳтәылаҿы иилааит, ирызҳалааит уи иеиԥш иҟоу аҵарауаа, аполитикцәа, ауаа нагақәа!

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Азин сышәҭозар, абзиара шәымаз ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иналукааша аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы, аҭоурых ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, инагоу аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Иури Николаи-иԥа Воронов диижьҭеи 80шықәса аҵра иазку «Археологиеи аҭоурыхи ирхызку адырра ҿыцқәа инарымаданы Кавкази Амшынеиқәаҿықәи ажәытәӡатәии аамҭақәа инадыркны ихьшәоу абжьаратә шәышықәсеи рҟынӡа» Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аҟны.

 

Иури Николаи-иԥа Аԥсни Кавказ зегьи ржәытәра аҭоурых ҭызҵаауаз ааԥсара зқәымыз ҵарауаҩын, ламыс уаҩын, иԥсҭазаара Аԥсни Урыстәылеи рымаҵ аура иазкын, доуҳалеи шьалеи-далеи дызмадаз.

Апатриот ду, аиашара  азықәԥаҩ, Иури Николаи-иԥа иԥсҭазаара кьаҿын, аха илашан. Сынтәа 26 шықәса ҵит уи трагедиала дҭахеижьҭеи. Иара ихаҭара амҽхак, уи ироль ду Аԥсны иҿыцу аҭоурых аҟны, аҭҵаарадырра, акультура, ауаажәларратә хәыцрақәа аҿиараҟны, амилаҭ хақәиҭратә ҵысреи ихьыԥшым аҳәынҭқарреи рыргылараҟны уажәы еиҳагьы иубарҭоуп.

Дырмит  Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аԥшьгара ҟанаҵеит иахьа ихацыркхаз Жәларбжьаратәи аконференциа амҩаԥгаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ҭакԥхықәраны иадуп аҭҵаарадырра арҿиара, аҵарауаа рыбжьара аимадара рыбжьаҵара иацхраауа аусмҩаԥгатәқәа адгылара рыҭара.

Аконференциа алахәцәа зегьы ишәзеиӷьасшьоит лыҵшәабзиалатәи аусура.

 

Агәабзиара, аихьӡарақәа, аҭҵаара ҿыцқәа!»

 

 

Last modified on Аҩаша, 19 Жьҭаара 2021 17:26