Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА “АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҾЫ АХШӘААРАҚӘА РЫМҨАԤГАРААН АКОНТРОЛ-КАССАТӘ ТЕХНИКА АХАРХӘАРАЗЫ” АЗАКӘАН ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 16:58 164

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа цәыббрамза 29 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ахшәаарақәа рымҩаԥгараан аконтрол-кассатә техника ахархәара азы» Азакәан инапы аҵаиҩит.

Иарбоу азакәан ала, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәагьы уахь иналаҵаны, ахархәаҩцәа рзинқәеи аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи ринтересқәеи рыхьчара, ахшәаарақәа рымҩаԥгара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рықәныҟәара, ашәахтәқәҵара амҩаԥгара азы аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи рхашәалахәы рҳасабркреи  хықәкыс иҟаҵаны аконтрол-кассатә техника аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәоит.

Аԥсны иахьаҵанакуа аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи рзы ахшәаарақәа рымҩаԥгараан Аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәоу аконтрол-кассатә техника хымԥада ахархәара аҟынтәи иақәиҭызтәуа аҵаҵӷәқәа рсиа иазԥхьагәанаҭо ахҭысқәа уахь иналамҵакәа, аконтрол-кассатә техника ахархәара хымԥадатәуп.

Иарбоу азакәан, хазы игоу астатиақәа уахь иналамҵакәа, азинмчы аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2022 шықәса рзы.

 

 

Last modified on Аҩаша, 19 Жьҭаара 2021 15:55