Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА ГАРРИ КОКАИА ИХЫМҨАԤГАШЬА АҾЫ АЦӘГЬОУРА АҞАЗШЬАҚӘА АНЫԤШУЕИТ ҲӘА АЛКАА ҞАНАҴЕИТ.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:37 182

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.  Лииа Адлеиба, Роман Кәарҷиа, Есма Қорсаиа зеилазаараҿы иҟоу Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аӡбаратә коллегиа, жьҭаарамза  18, 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа иганахьала иҟаиҵаз  адырранҵа ишақәшаҳаҭу азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба иҟаиҵаз адырранҵа ала, цәыббрамза 30 ауха Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент ала Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа  Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 1 (амбжьахра), ахәҭаҷ   321 ахәҭа 1 (амчра ахаҭарнак ихьӡ аоарҟәра, ишакум изныҟәара) инақәыршәаны ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит.

Ареспублика Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла инақәыршәаны, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат иганахьала аусеилыргара ахацыркра азы аӡбамҭа апрокурор Хада  Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбамҭа аӡбаҩцәа хҩык злаху Аӡбаратә коллегиа иҟарҵо алкааи Жәлар Реизара-Апарламент ақәшаҳаҭреи рыла идикылоит.  

Ирыдыркылаз аӡбамҭа амотивқәеи аҵаҵӷәи еилкаам, избан акәзар аӡбаратә еилатәара иарку арежим ала имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аофициалтә саит.

 

 

 

 

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 15:00