Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АЛМАСХАН АРӠЫНБА ИХЫМҨАԤГАШЬА АҾЫ АЦӘГЬОУРА АҞАЗШЬАҚӘА АНЫԤШУЕИТ ҲӘА АЛКАА ҞАНАҴЕИТ.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 21:21 199

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алмасхан Арӡынба ихымҩаԥгашьа ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.  Лииа Адлеиба, Роман Кәарҷиа, Есма Қорсаиа зеилазаараҿы иҟоу Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аӡбаратә коллегиа, жьҭаарамза  18, 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба иганахьала иҟаиҵаз  адырранҵа ишақәшаҳаҭу азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба иҟаиҵаз адырранҵа ала, жьҭаарамза 1 ауха Аҟәа ақалақь, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра аҿаԥхьа ихысуаз Алмасхан Арӡынба ихымҩаԥгашьа, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ   207, ахәҭа 1 (амбжьахра), ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 (иҭҟьо абџьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аныҟәгара) инақәыршәаны ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит.

Ареспублика Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла инақәыршәаны, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат иганахьала аусеилыргара ахацыркра азы аӡбамҭа апрокурор Хада  Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбамҭа аӡбаҩцәа хҩык злаху Аӡбаратә коллегиа иҟарҵо алкааи Жәлар Реизара-Апарламент ақәшаҳаҭреи рыла идикылоит.   

Ирыдыркылаз аӡбамҭа амотивқәеи аҵаҵӷәи еилкаам, избан акәзар аӡбаратә еилатәара иарку арежим ала имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аофициалтә саит.

Last modified on Ахаша, 20 Жьҭаара 2021 14:59