Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИУРИ НИКОЛАИ-ИԤА ВОРОНОВ 80 ШЫҚӘСА ИХЫҴРА ИАЗКУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҩаша, 19 Жьҭаара 2021 15:36 175

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аҟәа ақалақь аҿы иналукааша аҵарауаҩ-кавкаҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи  аусзуҩ, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылақәа иреиуаз Иури Николаи-иԥа Воронов (08.05 1941 - 11.09.1995) диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку  "Археологиеи аҭоурыхи ирызку адырра ҿыцқәа инарымаданы Кавкази Амшынеиқәаҿықәи ажәытәӡатәии аамҭақәа инадыркны ихьшәоу абжьаратә шәышықәсеи рҟынӡа” захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аатит.

Жьҭаарамза 19 - 20 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысло аконференциа ахь иааит Москва, Шәача, Маиҟәаԥ, Махачкала ақалақьқәа рҟынтәи аҵарауаа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аԥсуаҭҵааратә Институт.  

Аконференциа алагара аламҭалаз уи алахәылацәа Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи асквер аҿы аҵарауаҩ инышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аконференциа аартуа Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат, адоцент Арда Ашәба Иури Воронов аԥсуа наукеи аԥсуа ҳәанҭқарратә шьақәгылареи рҿы илагала атәы еиҭеиҳәеит:

«Иури Николаи-иԥа Воронов ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааникылоит. Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет далганы Аԥсныҟа дхынҳәит. Араҟа уи акультура абаҟақәа рыхьчара азы аинструкторс аус иуан, атуризм азы  Аҟәатәи  аҭҵаара-дырратә институт анаукатә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аинститут археологиа аҟәша аусзуҩ еиҳабыс аус иуан. 1971 шықәсазы уи акандидаттә усумҭа ихьчеит, 1985 шықәсазы адоктортә усумҭа ихьчеит. Иури Воронов зеиӷьаҟам полемистны дыҟан, уи лассы-лассы ақырҭуа ҵарауаа рҿаԥхьа аԥсуа жәлар ринтерессқәа рыхьчара иазкны дықәгылон.  1977 шықәса инаркны 1986 шықәсанӡа Иури Николаи-иԥа ҵабалтәи археологиатә експедициа напхгара аиҭон.  Уи дравторуп 800 инареиҳаны анаукатәи апублицистикатәи астатиақәа, 30 инарзынаԥшуа амонографиақәа. Иури Воронов хадара-злоу иҭҵаара-дырратә усумҭақәа иреиуоуп «Аԥсны археологиатә хсаала». Уи имаҷымкәа археологцәа рбиԥарақәа рзы акыр ахархәара змоу цхыраагӡаны иҟалеит. Иури Воронов зеиӷьаҟамыз аҵарауаҩ-кавказдырҩыс иҟазаара адагьы, иналукааша аҳәынҭқарра-уаажәларратә усзуҩыс дыҟан. 1991 шықәсазы Иури Николаи-иԥа Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум адепутатс далхын. 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум ауаҩы изинқәеи амилаҭбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы есымша аус зуа акомиссиа напхгара аиҭон.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан уи икалап иҵыҵит акьыԥхьрагьы рбеит 100 инареиҳаны астатиақәа, интервиу, адокументқәа, азгәаҭарақәа. Урҭ рҿы иара ари аибашьра аҿы Аԥсны иааннакыло апозициа атәы иҳәон.  Иури Воронов –«Белая  книга Абхазии» авторс дамоуп. Иарбоу ашәҟәы ианылеит аибашьра аан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа иаадырԥшыз агыгшәыгра зырҵабырго   адокументқәа, аматериалқәа.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аԥсны ажәлар аиааирала ианхыркәшаха ашьҭахь, Иури Николаи-иԥа Воронов Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩыс дҟаҵан.   Уи акультуреи асоциалтә еиқәыршәара азҵаарақәа ахылаԥшра риҭон.

1994 шықәсазы  Иури Воронов  Аурыс еитәылауаа Рконгресс аԥиҵеит. Уи ахантәаҩыс дҟалеит. Аамҭак ала иара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҭоурых акафедра аҿы аус иуан.

Цәыббрамза 11, 1995 шықәсазы игаз ахысбыжьқәа Иури Воронов иԥсҭазаара ҿахырҵәит.  Уи анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи асквер аҿы. Уи ихьӡ рыхҵоуп амҩадуқәа, иара убас Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3, Иури Воронов ианашьан иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа  - «Ахьдз-Аԥша I аҩаӡара аорден. Уи иԥсҭазаарамҩа кьаҿын, аха акыр игәылҭәаан. Ҳтәыла ахьыԥшымра аиураҿы злагала ду алоу аинтеллигент иаша, апатриот, Аԥсны атәылауаҩ».

Актәи апленартә еилатәара аҿы аконференциа алахәылацәа дрыдныҳәало дықәгылеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи иажәахә аҿы убасҵәҟьа Иури Воронов Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы инаигӡоз ароль дазааҭгылеит: «Иури Николаи-иԥа Аԥсни Кавказ зегьи ржәытәра аҭоурых ҭызҵаауаз ааԥсара зқәымыз ҵарауаҩын, ламыс уаҩын, иԥсҭазаара Аԥсни Урыстәылеи рымаҵ аура иазкын, доуҳалеи шьалеи-далеи дызмадаз.

Апатриот ду, аиашара  азықәԥаҩ, Иури Николаи-иԥа иԥсҭазаара кьаҿын, аха илашан. Сынтәа 26 шықәса ҵит уи трагедиала дҭахеижьҭеи. Иара ихаҭара амҽхак, уи ироль ду Аԥсны иҿыцу аҭоурых аҟны, аҭҵаарадырра, акультура, ауаажәларратә хәыцрақәа аҿиараҟны, амилаҭ хақәиҭратә ҵысреи ихьыԥшым аҳәынҭқарреи рыргылараҟны уажәы еиҳагьы иубарҭоуп».

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара аҭҵаарадырра арҿиара, аҵарауаа рыбжьара аимадара рыбжьаҵара иацхраауа аусмҩаԥгатәқәа адгылара рыҭара ҭакԥхықәраны иадуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Адныҳәаларатә ажәахәқәа рышьҭахь Иури Воронов иархеологиатә ԥшаамҭақәа ирызкны аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа еиқәдыршәаз ражәахәқәа рыла ақәгыларақәа ирылагеит.

Аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор, Анаукақәа Ракадемиа академик Олег Бӷажәба  иҟаиҵаз ажәахә аҿы Иури Воронов аԥсуа археологиатә наука ашьақәгылара аҿы инаигӡаз ароль инарҭбааны дазааҭгылеит.  Ахәҭакахьала, Олег Бӷажәба иазгәеиҭеит: «Иури Воронов – Аԥсни Кавкази рархеологиа азы иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу аспециалист иуоуп. Иури Воронов археологиа агьама икит ихәыҷра аамҭазы. Усҟан иара аԥсилаа рҳаҭгәынқәа рҟынтәи ииԥшааз артефактқәа ааганы асахьа аҭыхразы иан илиҭон. Ашкол данҭаз аамҭазы иара драбадырит еицырдыруа аԥсуа археологцәа Соловиови Ҭраԥшьи, усҟангьы иара урҭ архиологиатә жрақәа рҿы дрыцхраауан. Иара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахь ҳамҭас иеиҭеит 1000 инарзынаԥшуа архиологиатә артефактқәа.  Иури Николаи-иԥа Воронов дзыхьӡаз зегьы иузышьақәымкуа аџьабаа иабзоурахеит. Уи зегьы раԥхьаӡа 160-киллометр рҟынӡа инаӡо,  270 бааш змоу Аԥснытәи Аҭӡы Дуӡӡа дахысит, уи ахсаала ианиҵеит, ишәеит, ахҳәаа ҟаиҵеит.    Анаҩс Аԥсны ахи-аҵыхәеи, амшын аԥшаҳәа инаркны ашьхаранӡа, ахьшьцәа ртәарҭақәа, «Аҵангәара», аԥшьаҭыԥқәа зехьынџьара дырхысит. Иҭҵаарақәа рҿы иара аҭоурыхҭҵааҩцәа ирзырхаз Цицерон иуасиаҭқәа хԥа дрықәныҟәон: «амцҳәара аҽацәыхьчара», «аиаша амҵәахра»,  «анаукатә лкаақәа рҿы  аиаша адымгылара алмыршара».

Аконференциа аусура актәи амш аҳәаақәа ирҭагӡаны И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы «Ҩ-жәларык рҵеи – ахаҭара, аепоха, аҭоурыхтә гәалашәара» ҳәа хыс измоу астол гьежь амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.  Жьҭаарамза 20 рзы Аԥсуаҭҵааратә Институт  аплошьадка аҿы аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа алархәны онлаин-режим ала имҩаԥгахо уахь иналаҵаны, асекционтә еилатәарақәа мҩаԥгахоит.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 19 Жьҭаара 2021 18:51