Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АУСУРА ЗЫЛШО АԤСНЫ АТӘЫЛАУАҨЫК ИЗЫ АХНЫҞӘГАРАТӘ МИНИМУМ АХӘԤСА 8105,6 МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 16:19 235

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аусура зылшо Аԥсны атәылауаҩык изы ахныҟәгаратә минимум ахәԥса жьҭаарамза  1, 2021 шықәсазы 8105,6 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилакы.  Иарбоу аицҵалыҵ иалагалоуп афатә-ажәтә атауарқәа – 5544,2 мааҭ, ааглыхратә тауарқәа – 1588,7 мааҭ, зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 972,7 мааҭ.

Ахныҟәгаратә минимум ашәагаа иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 14,6 % рыла еиҳахеит.

Атауарқәеи ауааԥсыра рзы инагӡахо зыхә ршәо амаҵзурақәеи рзы ахархәаратә хәыԥсақәеи атарифқәеи еизаку риндекс 2021 шықәса алагамҭа инаркны 106,7% рҟынӡа инаӡеит, афатә-ажәтә атауарқәагьы уахь иналаҵаны – 106,2%, ааглыхратә тауарқәа – 109,0%, ауааԥсыра рзы инагӡахо зыхә ршәо амаҵзурақәа – 106,5%.

Атауарқәеи ауааԥсыра рзы инагӡахо зыхә ршәо амаҵзурақәеи рзы ахархәаратә хәыԥсақәеи атарифқәеи еизаку риндекс цәыббрамза 2021 шықәса рзы, цәыббрамза 2020 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар – 107,8% рҟынӡа инаӡеит, афатә-ажәтә атауарқәагьы уахь иналаҵаны – 108,1%,  ааглыхратә тауарқәа– 110,4%, ауааԥсыра рзы инагӡахо зыхә ршәо амаҵзурақәа – 106,8%.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 16:56