Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ААУ АКОМАНДА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ ШӘАЧА АЧЕМПИОНАТ АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ АНАШЬАХЕИТ.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 17:53 186

 Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 17 рзы ашьапылампыл азы Шәача ақалақь ачемпионат ахыркәшаратә, «ахьтәы матч» ҳәа зуҳәар алшо аматч мҩаԥысит.   Аматч аҿы еиԥылеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә Университет акомандеи Шәача ақалақь акоманда «Леони», ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Актәи аетап аҿы акоманда «Леон» ААУ акоманда  асчиот 3:1 ала иаиааит- уи иабзоураны акоманда «Леон» аматч иачемпионхарц азы ахәмарра еиҭахарала инҵәар азхон.  ААУ акоманда азы иарбан счиотзаалак ала акәзаргьы аиааира хымԥадатәиин. 

Аматч алагара инаркны еилкаахеит, аҩ-командак аиааира гәҭакыс иаман. Актәи ампыл аматч ахԥатәи аминуҭ аан «Леон» акоманда ахәмарҩы иҭаиршәит.

ААУ -  алига аҿы зегьы раасҭа ампылқәа ҭазыршәуа командоуп (иааизакны аматч азы ашьапылампыласҩцәа 3,3 гол ҭадыршәуан), ахәҭакахьала «Лион» - еиӷьу ахьчара змоу акоманда ауп. (иааизакны матчк иалагӡаны рымба иҭадыршәуан 1,1).  Аҩ-командак  13 матч мҩаԥыргахьеит, урҭ рахьынтә  10 матчк иааирала ихыркәшахеит.

Аԥснытәи акоманда актәи атаим аҿы аԥснытәи акоманда изныкымкәа ампыл даҭыршәыртә еиԥш аҭагылазаашьа шьақәдыргылеит, аха ахархәара алымшаӡеит.

Аԥсеиҭакра иазоужьу аамҭа ахь акомандақәа цеит асчиот 2:0 шыҟаз. Аҩбатәи атаим азы аҩкомандак активла иалагеит, атаим даара аибарххара ацны имҩаԥысуан. Аматч актәи азыбжа азы еиԥш ААУ ахәмарҩцәа ирацәаны ашәарҭара зҵоу амоментқәа шьақәгылеит, аха ампыл аҭаршәра усгьы изалымшаӡеит.

Аматч асчиот 7:0 ҳәа «Леон» акоманда аиааирала ихыркәшахеит.