Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤКЬАҬМПЫЛТӘ ТУРНИР “АХЬТӘЫ ҬАГАЛАН”.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 11:04 162

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 11 – 17 рзы Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысуан атурнир «Ахьтәы ҭагалан». Уи рхы аладырхәит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи  30-ҩык инарзынаԥшуа аԥкьаҭмпыласыҩцәа, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

9 шықәса рҟынтәи  10 шықәсанӡа зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа Аԥснытәи арԥарцәа  рыбжьара  актәи аҭыԥ ааникылеит Сабри Нанба (азыҟаҵаҩ  Елизабет Акәыциа), ахԥатәи - Алеқсандр Ешба (азыҟаҵаҩцәа - Родион Беииа, Саид Бебиа); аҭыԥҳацәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ анылкылеит Даниелла Гәымба (азыҟаҵаҩ  Елизабет Акәыциа). 

15 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Асҭамыр Кациа (азыҟаҵаҩ  Артур Татевосиан); аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Алла Траиста (азыҟаҵаҩцәа  Саид Бебиа, Родион Беииа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Агәмаа (азыҟаҵаҩ   Елизабет Акәыциа).

Аиааира згаз ахраҿақәа, амедалқәа, зыхә дуу ақьаадқәа ранашьахеит.

Аӡбаҩ хада - Аԥсны Аҳәынҭқарра аспорт азҟаза, актәи урыстәылазегьтәи акатегориа  РТТ аӡбаҩ  Саид Бебиа.

Атурнир аиҿкааҩ – Гагра араион Ахадара абҩарҵәыреи аспорти аҽар рызҵаарақәеи рзы Аилак.

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 16:01