Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҴАРАДЫРРЕИ АБЫЗШӘАТӘ ПОЛИТИКЕИ РМИНИСТРРА: АԤСНЫ АШКОЛҚӘА РҾЫ АЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА ҬЫШӘЫНТӘАЛОУП.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 14:30 240

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашколқәа рҿы асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра ауаажәларра рымадара азы аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, жьҭаарамза 18 рзы 28 нызықьҩык аҵаҩцәа рҟынтәи аҽыԥхьакра арежим нарыгӡоит  252-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп COVID-19 азы здиагноз шьақәырӷәӷәахаз, иара убас ачымазара зҽаҽыз ахәыҷқәа ирыҽцаауаз ахәыҷқәа. Акоронавирустә ҿкы чымазара аарԥшуп 85 –ҩык арҵаҩцәа рҿы.  

4 нызықь-ҩык арҵаҩцәа рҟынтәи 500-ҩык авакцинациа иахысит.  

«Иахьазы ҩ-школк роуп иарку, уи Очамчыра араион Кәтол ақыҭеи Ҷлоу ақыҭеи рҿы  иҟоу ашколқәа роуп.  Арҭ ашколқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара  рацәаӡам, урҭ рыбжьара ачымазара злаҽыз ахьалкааз инамаданы, аепидемиологцәа аамҭала ашколқәа раркра азы абжьгара ҟарҵеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аслан Кәыҭелиа.

Ареспублика зегьы иахьаҵанакуа 40 класс акарантин азы иаркуп .

«Аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра есыҽны ашколқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра анаҭоит, агәаҭарақәа мҩаԥнагоит. Иара убас аепидемиологцәеи ҳареи аимадара бзиа ҳабжьоуп. Иара убас арҵаҩратә еилазаара  аҩныҵҟа авакцинациа апропаганда мҩаԥаагоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Кәыҭелиа.   

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 15:22