Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 ЗЛАҼЫЗ РХЫԤХЬАӠАРА ЕИЗҲАУА ИАЛАГАР АШКОЛҚӘА РҾЫ ҬАГАЛАНТӘИ АԤСШЬАРАМШҚӘА ИРЫЦҴАХАР АЛШОИТ.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 10:19 175

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Аҟәа ақалақь ахада Баслан Ешба, асанитартә ҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Асҭана Аҩӡба алархәны имҩаԥгаз  аусуратә еилатәара аихшьаалақәа рыла ареспублика ашколқәа рҿы аҵаратә процесс ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ашколқәа рҿы аусура арежим аԥсахра азы аӡбамҭақәа рыдыркылалоит аҭыԥқәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны.  Уи иаанаго иааизакны ашкол аҿы, мамзаргьы хазы игоу аклассқәа рҿы акарантин алагалара ауп.

Аԥсныпресс акорреспондент аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра аҿы иоуз адыррақәа рыла, акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара еизҳауа иалагар, ашколқәа рҿы жьҭаарамза 25 инаркны жьҭаарамза  31-нӡа иазԥхьагәаҭоу ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа ирыцҵахар алшоит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы иаԥҵоу Акоординациатә штаб аусуратә еилатәара аихшьаалақәа рыла, ахәаша, жьҭаарамза  15  рзы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб агәабзиарахьчара Аминистрреи аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрреи ачымазара алаҽра ҳасаб азуны ашколқәа рҿы аҵаратә процесс амҩаԥгара арежим азҵаара ҩаԥхьа иалацәажәарц азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.  

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:00