Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АКООРДИНАЦИАТӘ ШТАБ COVID-19 АҾАГЫЛАРАЗЫ ИАЛАГАЛОУ АԤКРАҚӘА ЗЕГЬЫ АРИНАХЫСГЬЫ РЫНАГӠАРА АЗЫ АԤШЬГАРАҚӘА ҞАНАҴОИТ.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 13:25 201

Аҟәа. Жьҭарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Акоординациатә штаб нанҳәамза  12 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны иалагалоу аԥкратә уснагӡатәқәа аринахысгьы рынгӡара азы аԥшьгара ҟанаҵоит. Абри азы Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы Акоординациатә Штаб аилатәара аҿы иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

«Иахьатәи ҳаилатәара шьаҭас иҟаҵаны даҽазнык ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит: аковид аҿагыларазы адисциплинеи авакцинациеи ральтернатива ыҟаӡам. Иҟоу аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭра арҭарц, рхы рыхьчарц, рхәыҷқәеи рыуацәеи рҭахцәеи иреиҷаҳарц азы аҳәара ҟаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.  

Аԥыза-министр азеиԥш крыфарҭақәа рнапхгаҩцәа аԥкрақәа рынагӡара ахымԥадатәра  ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭарц азы абжьгарақәа риҭеит.

Алеқсандр Анқәаб ақалақьқәа, араионқәа, ақыҭақәа рхадацәа рыла ауааԥсыра рыҩныҵҟа амассатә агәырӷьаратәи алахьеиқәҵаратәи аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара шыҟамло азы аилыркааратә усура анагӡара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит. Алеқсандр Анқәаб ауааԥсыра алаҵа аҟаҵара радцалара атемагьы шьҭихит.

«Алаҵа аҟаҵара адцалара атәы уҳәозар, сара сгәаанагарала хатәгәаԥхарала, мамзаргьы  адцалара амҩала инагӡазароуп.  Ари ахырхарҭа ала аусура аҭахуп. Авакцина аеффективра алаҟәра, насгьы уи аԥырхагазаара азы уҳәан-сҳәанла ацәажәарақәа ыҟоуп. Урҭ акала ишьаҭаркны иҟам», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

Аԥыза-министр акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра узцәырнамгар залшом ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ацифрақәа уи дырҵабыргуеит, аҳақьымцәа, ирласу амедицинатә цхыраара, иара убас атәыла абиуџьет ирымоу ақәыӷәӷәара акыр еизҳаит. Убри аҟнытә доусы ихатәлеишәа ала аковид аҿагылара иазкны еицымҩаԥааго аусура  иацхраатәуп. Даҽа мҩак аманы избом», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:41