Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИҞОУ АУРЫС ЕИЦТӘЫЛАУАА РЕИҾКААРА АКООРДИНАЦИАТӘ ЕИДГЫЛА АНАПХГАҨЦӘА АҲӘААНЫРЦӘ ИНХО АИЦТӘЫЛАУАА VII АДУНЕИЗЕГЬТӘИ РКОНГРЕСС РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 13:40 196

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу аурыс еицтәылауаа реиҿкаара акоординациатә Еидгыла Ахантәаҩы Олег Иурченкои уи ихаҭыԥуаҩ Елена Жилинскаеи аҳәаанырцә инхо VII Адунеизегьтәи рконгресс рхы аладырхәуеит.

Зынӡа ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит  адунеи зегьы аҟынтәи 100-тәылак инареиҳаны ахаҭарнакцәа.

«Ари Аконгресс даара ахаҭарнакратә ҟазшьа змоу усмҩаԥгатәуп. Уи ааиртит Сергеи Лавров. Аинформациа, аԥышәа, аидеиақәа рыла аимдара мҩаԥысуеит.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аконгресс ахь ааԥхьара ахьҳарҭаз азы, даарагьы исҭахуп аринахысгьы Аԥсны иҟоу аурыс еицтәылауаа реиҿкаара акоординациатә Еидгыла аделегациа  иалоу ахаҭарнакцәа рхыԥхьаӡара еиҳахарц, Аидгыла аилазаара зегьы акәзар, иарбоу аусмҩаԥгатәқәа  рылахәхарала  агәазҭазаара аиуо.  Агәра ганы сыҟоуп, Аконгресс аҿы аурыс культуреи абызшәеи рыҿиара арӷәӷәареи, аурыс культура ашьаҭа амырӡреи рзы иҟаҵахо шырацәахо», — ҳәа иҳәеит Олег Иурченко.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аконгресс алахәылацәа рахь иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы аицтәылауаа адгылара рыҭара, аҵарадырра, акультура, асоциалтә еиқәыршәара, уҳәа аусхкқәа рҿы ацхыраара рыҭара хадара злоу ахырхарҭақәаны ишыҟац иаанхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:39