Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАГРА АМШЫН ИАГАЗ ҨЫЏЬА АУАА РХАҬАРА ШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 12:53 209

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аӡымҽхак иахьаҵанакуа аӡы иагаз ҩыџьа ауаа рхаҭара шьақәыргылахеит.  Урҭ Липецк ақалақь инхоз, 1957 шықәса рзы ииз Золотариов Иури Михаил-иԥеи  1953 шықәса рзы ииз Стоиакина Галина Николаи-иԥҳаи роуп, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи аинформациа ала, иҭахаз ауаа быжь балк рҟынӡа инаӡоз ацәқәырԥара аан амшын аҿы рҽыркәабон. Иҭахаз ауаа рыԥсыбаҩ Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:11