Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ААМҬА КЬАҾ ИАЛАГӠАНЫ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АИДАРА ДУҚӘА АСКАНЕРҴХРА АЗЫ АИҚӘЫРШӘАГАҚӘА РОУРАНЫ ИҞОУП.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 17:27 207

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. 63 аппарат рымхра мҩаԥган.   Абри азы Аԥсуа телерадиоеилахәыра аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.

«Административтә ԥкаанҵақәа еиқәыршәоуп, аматериалқәа рыҭҵаара мҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2016 шықәса инаркны Аԥсныҟа официалла иааган  амаининг азы 66 857 аппарат, иалганы иган – 27 124 цыра, даҽакала иуҳәозар 40% инарзынаԥшуа.

Оҭар Хьециа Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы атехникатә еиқәыршәара азҵаара ҷыдала дазааҭгылеит.

 

«Ари зегьы реиҳа азҿлымҳара зцу зҵаароуп. Аҳәаа аҿы еффективла аусура анагӡаразы аҳазылхратә гәаҭара атехникатә хархәагақәа рымазаара ахәҭоуп. Рыцҳарас иҟалаз,  урҭ ҳара макьаназы иҳамаӡам.  Иаагозар, аидарамҩангага амашьына аауазар, уи аҩныҵҟа аконтрабаҭтә тауар ҭазар, уи арҵабыргра азы амашьына иақәу аидара зегьы ақәхны, игәаҭаны, анаҩс ҩаԥхьа иақәыз аидара ақәҵаны иушьҭыроуп. Урыстәылатәи ҳколлегацәа асканерқәа рызгылоуп, атранспорт аҩныҵҟа иҭоу аидара зегьы убаратәы алшара рымоуп.  Убри инамаданы, ҳара атәыла анапхгара ахь аҳәара ҟаҳҵеит, аилкаареи адгылареи ҳақәдырӷәыӷит. Ҳара иарбоу аиқәыршәагақәа ҭзыжьуа азауад ахь аҿаҵа аҟаҵаразы иаҭаххо аилкааразы азыҳәамҭа ҳашьҭит.  Сгәы иаанагоит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳәаа аҿы аусура анагӡаразы ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа ҳауеит», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Оҭар Хьециа.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:37