Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ЗЛАҼЫЗ РХЫԤХЬАӠАРА ЕССААИРА ЕИҲАХОИТ.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 10:19 203

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы Акоординациатә Штаб аилатәара мҩаԥысуеит.

“Аҭагылазаашьа ԥыҭк аҭышәынтәалара ашьҭахь, ҳара ҩаԥхьа ачымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара аиҳахара аабоит.  Аҭагылазаашьа агәҭынчымра узцәырнамгар залшом, убри инамаданы ҳара ҳаизеит иахьа», - ҳәа Акоординациатә Штаб аилатәара аартуа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара ирҵабыргит.

«Ареспублика аҿы акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа есааира еицәахоит, уахыки-ҽнаки рыла иҳауо адыррақәа инарықәыршәны, ачымазара злаҽуа ауаа рхыԥхьаӡара еиҳахоит, жьҭаарамза 12 рзы уахыки ҽнаки рыла ачымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара ала антирекорд ықәыргылоуп. Уи  - 235-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рҟынтәи 85-90% аштамм «Дельта» рылаҽуп»,-ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, астационартә хәышәтәра иахысуа ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит, аковидттә ҟәшақәа рҿы аҭыԥқәа разымхара ыҟоуп, иара ачымазара ахаҭа еиҳа иуадаҩны имҩаԥысуеит.

«Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа астационар ҭәуп, иара убас  урыстәылатәи арратә мобилтә хәышәтәырҭа алшарақәа зегьы еизыкәкәаны аус ауеит.  Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра инацҵаны даҽа 30 шьҭаларҭа реиқәыршәаразы аӡбамҭа аднакылеит. Гәдоуҭатәи аковидтә хәышәтәырҭа аҿы COVID-19 азы здиагноз шьақәырӷәӷәоу ауаа рзы иназыцҵоу 240 ҭыԥ рхиахоит. Иҟоу ауадаҩрақәа шмаҷымгьы, ареспублика амедицинатә усбарҭақәа зегьы иахәҭоу амаҭәахәқәеи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәара алыршоуп», - ҳәа адырра ҟаиҵеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:46