Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ЕГРЫТӘИ АӠФЫМЦАТӘ СТАНЦИА АӠЫКАНАЛ АҾЫ ХАБАРДА ИБЖЬАӠЫЗ АУАҨЫ ИԤШААРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА НАНАГӠОИТ.

Ахәаша, 15 Жьҭаара 2021 20:31 234

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 15, ашьжьымҭан, 9 сааҭи 20 минуҭи рзы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭатә ҭыԥхада ахь Егрытәи Аӡфымцатә станциа аҩбатәи аӡылбааҽҽатә станциа еиҭашьақәзыргыло аусзуҩцәа аӡыканал аҿы аӡы иагоз ауаҩы дырбеит ҳәа адырра ҟалеит.

Ахҭыс ахьыҟалаз ахь зыԥшра ҟамҵакәа идәықәҵан Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инпекциа аусзуҩцәеи, иара убас Очамчыреи Гали рҟынтәи аԥсеиқәырхаҩцәа.

«Аӡы иагоз дахьырбаз аҭыԥ зегьы, инҭкааны иуҳәозар аҩбатәии ахԥатәии аӡылбааҽҽатә станциақәа рыбжьара анышьла аԥшаарақәа мҩаԥган, уи азы аамҭала  аӡы аҩаӡара аларҟәра азы аӡы анашьҭра аанкылан. Анаҩс аҵәиԥрыга ала аканал акәша-мыкәша иҟоу атерриториа иахыԥрааны игәарҭеит.  Аԥшаарақәа ахәлара ирымнахаанӡа имҩаԥысуан. Уи напхгара аиҭон Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр, аинрал-маиор Лев Кәыҵниа. Аха урҭ макьаназы алҵшәа амоуӡацт, аԥшаарақәа ирыцҵахоит уаҵәы», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 14:21