Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АПРОКУРАТУРА ԤАЧЛИА Х.Р ГАМГИА Р.Ш. РГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦНАРКИТ.

Аԥшьаша, 14 Жьҭаара 2021 12:35 158

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура  Ԥачлиа Ҳаџьараҭ Раули-иԥеи Гамгиа Руслан Шьалуа-иԥеи рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра       Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  320 ахәҭа 2 инақәыршәаны, змаҵуратә уалԥшьа назыгӡо амчра ахаҭарнак иганахьала агәабзиареи аԥсҭазаареи ашәарҭара иҭазыргыло амч ахархәара афакт ала аусеилыргара хацнаркит.  Апрокуратура аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу ацәгьоура ҟаҵан абарҭ аҭагылазаашьақәа раан:

Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы, 16 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа   Кәыдрытәи амҩаду ала ицон. Абжьаратәи ашкол №14 азаигәра урҭ рылаԥш иҵашәеит автомашьына  «Тайота-Альфард», уи аԥсҟы зкыз амҩатә ԥҟарақәа еилаганы, асветофор аҟаԥшь шакыз агәхьаа мкыкәа, ҩбаны инеиужьны инагоу ацәаҳәа дахысны дцеит. Ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа «Тайота» аԥсҟы зкыз Ԥачлиа Х.Р, амашьына иҭатәаз апассаџьыр Гамгиа Р.Ш. ааныркылеит. Амилициа аусзуҩцәа закәанла ишаԥу еиԥш амедицинатә гәаҭара ахысразы азы ирыдыргалаз ауснагӡа  Ԥачлиеи Гамгиеи мап ацәыркит, уи моу агрессиеи амч ахархәареи аадырԥшит.

Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ҩыџьа амилициа аусзуҩцәа ахәахәа-чахәарақәа роуит- руаӡәк инапы егьи иԥынҵа ԥырҵәеит.

Ԥачлиа Х.Р., Гамгиа Р.Ш. аанкылоуп, аҭакырҭа ахь инагоуп.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:15