Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЕРИК ҲАҬХӘА АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАҨЫС ДҞАҴОУП.

Аԥшьаша, 14 Жьҭаара 2021 11:28 192

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аколлектив дрыдигалеит аҳақьым хада инапынҵақәа рынагӡаҩыс ҿыц иҟаҵоу Ерик Едуард-иԥа Ҳаҭхәа.

Аамҭала аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡоз Есма Маршьан лхатәгәаԥхарала иарбоу амаҵураҭыԥ аҟынтәи лхы дақәиҭтәуп.  Лара ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза инаркны имаҵуратә зинмчы ахысра инамаданы аҳақьым хада  имаҵураҭыԥ аҟынтәи зхы иақәиҭтәыз Аполлон Гәыргәылиа ихаҭыԥан аус луан.

Агәабзиарахьчара Аминистрра ахада Есма Маршьан иналыгӡаз аусура азы иҭабуп ҳәа леиҳәеит.

         

«Шәара иуадаҩыз аамҭазы аус жәуан, ижәбаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

«Ерик Едуард-иԥа акыраамҭа ари аколлектив аҿы аус иухьеит. Сара сгәаанагарала уи ҳажәлар реизҳазыӷьара иазкны  аҳақьым хада инапынҵақәа рынагӡарагьы ишахәҭоу ала илшап ҳәа», - инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Аполлон Гәыргәылиа иус ала аҟәатәи аӡбрҭа ала аӡбамҭа адкылара ҟалаанӡа аҳақьым хада инапынҵақәа рынагӡаҩ ҿыц иаҭара азы аццакра зыхҟьеи ҳәа ахирург Маврик Чагәаа иҟаиҵаз азҵаара аҭакс аминистр иҳәеит: «Иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа хымԥада инагӡахоит. Иазгәасҭарц сҭахуп, сара аминистр иаҳасабала ари амедицинатә усбарҭеи иара Аминистрреи иааизакны аусура аза даҽа знеишьа аҭахны избоит. Араҟагьы акала аццакра аҭыԥ амангьы избом. Аӡбамҭа амедусбарҭа аусура арманшәалара хықәкыс иҟаҵаны ишәа-иза иҳадаҳкылеит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Ерик Ҳаҭхәа аминистр ииҭаз агәрагара азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

«Шәареи ҳареи аколлективи ҳаԥхьаҟа иуадаҩу азҵаарақәа маҷымкәа ҳаӡбараны ҳаҟоуп. Урҭ зегьы ҳәоуеиқәшәарала аус зуа аколлектив аҿы рыӡбара алыршахоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Уи иажәақәа рыла, амедицинатә усбарҭа аусура аҿы ихадоу ахырхарҭаны иҟалароуп ачымазцәа ианаамҭоу зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара.  

Ерик Едуард-иԥа Ҳаҭхәа диит рашәарамза 29, 1981 шықәса рзы.  1999 шықәсазы далгеит Н.Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №10. Иара убри ашықәсан дҭалеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә амедицинатә Университет ахәышәтәратә ус афакультет. 2005 шықәсазы далгеит Ростовтәи Аҳәынҭқарратә Амедицинатә Университет.  

2005 – 2006 шш. аинтернатура дахысуан Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы.   

2006 - 2007 шш. Улиановск ақалақь еиуеиԥшым амедицинатә усбарҭақәа рҿы аус иуан.

2007 – 2009 шш. Ростовтәи аҳәынҭқарратә амедицинатә Университет аҿы аординатура дахысуан.  

2009 шықәса инаркны Аԥсны Ареспубликатә Хәышәтәырҭа азеиԥш хирургиа аҟәша аҿы аҳақьым-аԥҟаҩыс аус иуеит.  

2017 шықәса инаркны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа азы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс аус иуеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:20