Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АҾЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ГАРРИ КОКАЕИ АЛМАСХАН АРӠЫНБЕИ РХЫМҨАԤГАШЬА АҾЫ АЦӘГЬОУРА АҞАЗШЬАҚӘА АМАЗААРА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЗЫ АУС АХӘАԤШРА ИАЛАГЕИТ.

Аԥшьаша, 14 Жьҭаара 2021 14:21 127

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 14, 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рхымҩаԥгашьа аҿы ацәгьоура аҟазшьақәа амазаара ашьақәыргылара азы аус ахәаԥшра  иалагеит, ҳәа иаанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.

Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, апрокурор Хада иҟынтәи иааз адырранҵа инақәыршәаны,  Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рхымҩаԥгашьа аҿы Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 1 (Амбжьахра, абџьар ахархәарала ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагара), иара убас ахәҭаҷ  321, ахәҭа 1 (Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра (ишакум изныҟәара), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (иҭҟьо абџьар изакәанымкәа аахәареи аныҟәгареи аҵәахреи) инарықәыршәаны, ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаратә коллегиа аилазаараҿы иҟоуп аӡбаҩцәа Роман Кәарҷиа, Есма Корсаиа, Лииа Адлеиба. Урҭ Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа рдукатцәа Марина Ҭаниеи Нонна Смыри апрокуратура имҩаԥнагаз агәаҭара азы аматериалқәа рдырреи рыҭҵаареи рзы аамҭа рзоужьра азы иҟарҵаз аҳәара иақәшаҳаҭхеит.   Анаҩстәи аӡбаратә еилатәара амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп жьҭаарамза 15, 2021 шықәса рзы.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:55